Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьыкырԥҳа лусумҭа "Ахьаа" иазкны: зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз аԥеиԥш имоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукГугуца Джикирба
Гугуца Джикирба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Ахьышьҭрахь" ахьӡын Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи Арепатриациаз аҳәынҭқарратә еилаки еицымҩаԥыргоз аконкурс. Ари аицлабраҿы аԥхьахә агеит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџуаа рыԥсҭазаашьеи рыбзазашьеи ртәы еиҭазҳәо аусумҭа "Ахьаа".

Аусумҭа автор Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Гәыгәыца Џьыкырԥҳа Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит аҭоурых шеидылкылаз атәы.

"Хра злоу ахҭысқәа": Гәыгәыца Џьыкырԥҳа: зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз аԥеиԥш имоуп

"Лыхны ақыҭан инхо Славик Габраа иҭаацәа рҭоурых 20-тәи ашәышықәса алагамҭазы иҟалаз хҭысуп. Иара ихынҳәуа ҳџьынџьуаа архәыцратә иҟоуп. Хықәкы  хадас исыман сара зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ауаҩы аԥеиԥш шимоу деилыркаара. Егьа ауадаҩрақәа иԥыларгьы, иԥсадгьыл иамоу аҳалалра дааӡоит рҳәоит", —  лҳәеит Џьыкырԥҳа.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ лажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу аҭоурыхқәа рацәоуп. Ажәалагала ыҟоуп, дара аҭырқә бызшәахьы еиҭаганы аҟаҵара, избан акәзар хџьынџьуаагьы аԥхьалароуп ҳажәлар ирхыргаз, ҳәа агәаанагара лымоуп лара.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0