Ҳаџьымба: ажурналистцәа аибашьраҿгьы аҭынч ԥсҭазаараҿгьы шәџьабаа рацәоуп
"Ажурналистцәа шәзанааҭ ныҳәа шәыдысныҳәалоит, шәусураҿы аихьӡарақәа шәзеиӷьасшьоит. Иахьатәи ҳаиԥылара зызку шәусқәа уаҵәтәи рԥеиԥш аиӷьтәра ауп. Ауаажәлар аиаша рызнагара мариаӡам, уи ануҳәогьы ухы иананырҟьо ыҟоуп, аха иумҳәар адагьы ԥсыхәа ыҟаӡам. Агхақәа шыҟоу ибзиаӡаны иаадыруеит, аҳәынҭқарра уахыки-ҽнаки рыла аргылашьа ҟалом. 25-шықәса ахыҵуеит ҳаиааира амш, иҟаҵоу маҷӡам, абри ажәлар ирбартә-ираҳартә аҟаҵара зылшаз шәара шәоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа раан ахацәа раԥхьа игыланы еибашьуаз ажурналистцәа рџьабаа рацәоуп", — иҳәеит Атәыла Ахада.
Инарҭбаан ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.