"Иахьа, аԥсуа ҳәынҭкарраҿы узхыҽхәаша акакәны иҟоуп аԥсуа журналистика аҳәынҭкарра иашьагәыҭны, зых иақәиҭны иҿио иахьыҟоу. Ари еихьӡароуп. Иҳәынҭқарратәым ажурналистика аҳәынҭқарратә журналистика аҿиара иацхраауеит. Арҿиаратә еицлабра ажурналистика азеиԥш ҭагылазаашьа еиӷьнатәоит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳашыг.
Руслан Ҳашыг: ажәа ахақәиҭра амамзар - изыҟалаӡом ажурналистика
Ажәа ахақәиҭра амамзар, иацымзар аҭакԥхықәра изыҟалаӡом ажурналистика, ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.