Апрограмма "ООН женщины" Аԥсны аусура иалагеит

© Фото : worldpolicyФлаг ООН
Флаг ООН - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апрограмма "ООН женщины" алахәылацәа раԥхьатәи русура иалахәын ареспублика АИХ рхаҭарнакцәа.

АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Апрограмма "ООН женщины" Аԥсны аусура иалагеит. Апрограмма "ООН женщины" алахәылацәа раԥхьатәи русура иалахәын ареспублика АИХ рхаҭарнакцәа. Абри атәы еиҭалҳәеит апрограмма адиректор Лиана Мқанԥҳа.

"Ҳапрограмма хықәкны иамоуп агендертә еиҟарамра апроблемақәеи, аҩнаҭатә қәыӷәӷәареи уҳәа ирзырхо, Аԥсны аус зуа егьырҭ аиҿкаарақәа ацхыраара рыҭара. Аус ҳацуразы арахь иааԥхьахоит аԥсихологцәа, азиндырыҩцәа, ажурналистцәа – абри аганахь ала аԥышәа змоу, иҟоу апроблема анализ азура зылшо, иара аԥыхшьа атәы здыруа", — лҳәеит Мқанԥҳа.

Апрограмма аԥхьатәи аетап аан алахәылацәа ирыгәҭакуп еиуеиԥшым азанааҭқәа ирыҵаркуа ауаа рԥылара, русура ахықәкқәа рзеиҭаҳәара.

"Ҳара еилаҳкаар ҳҭахуп аҩнатә қәыӷәӷәареи ацәаԥҽрақәеи рзы урҭ ргәаанагара. Нас, ҳара иҳагәҭакуп апроблемақәа рыӡбра иазырхо аиҿкаарақәа реиԥш дара апроблемақәа ирыниаз ауаагьы аус рыцура. Иаҳҭахуп урҭ моралла еиԥш аекономикатә цхыраарагьы рыҭара", — лҳәеит лара.

Апрограмма "ООН женщины" алахәылацәа раԥхьатәи русура иалахәын ареспублика АИХ рхаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0