Дбар: Аԥснызы иуадаҩуп ахәаахәҭратә, атуристтә ӷбақәа радыԥхьалара

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ишәарҭадоу амшынтә ныҟәара Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә система аԥҵаразы ауснагӡатәқәа рынагӡараҿы аусеицуреи аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ашьҭахь Аԥсны Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә система аԥҵаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥысраны ишыҟоу.

АҞӘА, жәабран 28– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ишәарҭадоу амшынтә ныҟәара амилаҭтә система аҟамзаараан Аԥсны Аҳәынҭқарразы иуадаҩуп арахь акруизтә ӷбақәа, ахәаахәҭратә, апассаџьыртә, атуристтә ӷбақәа радыԥхьалара ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар.

"Ршәарҭадара шеиҿкаам здыруа аӷбақәа арахьтәи абаӷәаза иҭалом", — иҳәеит Дбар.

Жәабран 26 рзы ишәарҭадоу амшынтә ныҟәара Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә система аԥҵаразы ауснагӡатәқәа рынагӡараҿы аусеицуреи аицхыраареи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын.

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит: ганкахьала, Аԥсны Аҳәынҭқарра аконституциатә закәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазааразы (Аиҳабыра)" ҵаҵӷәыс иҟаҵаны аусура мҩаԥызго Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара ахьӡала иқәгыло Кобахьиа Аслан Алықьса-иԥа, егьи аганахь ала Аԥҟаԥҵәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны зусура мҩаԥызго Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахьӡала иқәгыло Џьапуа Зураб Џьота-иԥа, ахԥатәи аган ахь ала Акционертә еилазаара "Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә навигациа-гидрофизикатә институт" (АО "ГНИНГИ"), аринахыс "ГНИНГИ" ҳәа хьыӡны изауа ахьӡала иқәгыло, Аԥҟаԥҵәа ҵаҵӷәны иҟаҵаны зусура мҩаԥызго адиректор хада Андреи Зеньков.

Ишәарҭадоу амшынтә ныҟәара Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә система аԥҵаразы ауснагӡатәқәа етап-етапла имҩаԥгахоит иҳәеит Дбар.

Иара иажәақәа рыла арахь иаҵанакуеит анормативтә база азырхиара, иҷыдоу аинфраструктура ашьақәыргылара.

"Аиқәшаҳаҭра хықәкны иамоуп амшынтә усура акраамҭа адинамикатә ҟазшьа аманы аҿиаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы ауснагӡатәқәа реиҿкаара, урҭ – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡ-аԥша арӷәӷәареи, жәларбжьаратәи азхаҵареи, асоциал-економикатә ҿиареи, иара амилаҭтә интересқәеи ашәарҭадареи еиқәзыршәо, амшынтәи аӡиастәи транспортә хархәагақәеи егьырҭ амшын аҟны ахархәара змоу, аԥшаҳәа-баӷәазатә инфраструктура зырҿио аобиектқәа ршәарҭадареи, аԥсабара ахьчареи, Аԥсны Аҳәынҭқарра амшынтә акваториаҿы мшынла аныҟәара аҳәынҭқарратә хылаԥшра аҭареи рҿы аԥыжәара змоу усны иԥхьаӡаны", — ҳәа еиҭеиҳәоит Роман Дбар.

Иара убасгьы аиқәшаҳаҭраҿы иазгәаҭоуп аекологиатә шәарҭадаразы аҟәша.

"Аиқәшаҳаҭра иамаҭәарны иҟоуп ишәарҭадоу амшынтә ныҟәара Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә система аԥҵаразы ауснагӡатәқәа аус рыдулареи, рышьақәырӷәӷәареи, рынагӡареи. Ишәарҭадоу амшынтә ныҟәара Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә система Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьылтә ӡқәа рҟны ишәарҭаданы аныҟәара иазырхоуп, амшын ныҟәара анапхгара аҭареи уи иақәшәо анорматив-зинтә шьаҭеи рзы иҷыдоу аинфраструктура аизакра иазкуп" ҳәа азгәеиҭоит Аекологиа аинститут адиректор.

Роман Дбар иажәақәа рыла ицәырҵуеит азҵаара: иалшома Аԥсны абри амилаҭтә система аԥҵаразы иахәҭаны иҟоу аусурақәа зегьы ишрыхәҭоу реиҿкаара?

"Ҳара ҳхала мацара абри аус напаҳаркыр, уи акыр иуадаҩхон. Убри азоуп иара изадҳаԥхьалаз Урыстәыла Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә навигациа-гидрофизикатә институт. Аинститут абри аусхк аҿы иамоу аԥышәа акыр идууп", — иҳәоит иара.

Ииашаны ишьақәыргылоу апрограмма аусура ишахәҭоу еиԥш ишьақәнартәоит ҳәа агәрагара имоуп Роман Дбар.

Ажәабжьқәа зегьы
0