"Ишьхатәылоу Аԥсны" азеиԥшкавказтәи археологиатә експедициақәа еицеиҿыркаауеит

© Фото : "Послы доброй воли Абхазии"В Совете Федерации создана парламентская группа по поддержке "Послов доброй воли Абхазии"
В Совете Федерации создана парламентская группа по поддержке Послов доброй воли Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны", Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрреи "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" реиҿкаареи рыцхыраарала иазыԥхьагәанаҭоит урыстәылатәи асенаторцәеи адепутатцәеи рҟынтәи аусутә гәыԥ аԥҵара, урҭ Урыстәылатәи Афедерациа Апарламент аҟны азеиԥшкавказтәи археологиатә експедициақәа реиҿкаразы ажәадгала ҟарҵарц.

АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Урыстәыла Афедерациатә хеилак аҟны иаԥҵоуп апарламенттә гәыԥ, "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" реиҿкаара адгылара азҭо. Абри атәы радио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩ, афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны" адиректор Ҭенгиз Ҭарба.

Инал Джопуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьопуа: "Ишьхатәылоу Аԥсны" аусураҟны урыстәылатәи аспециалистцәа хәарҭахоит

"Афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны", "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" реиҿкаара ацхыраарала иазыԥхьагәанаҭоит урыстәылатәи асенаторцәеи адепутатцәеи рҟынтәи аусутә гәыԥ аԥҵара, урҭ Урыстәылатәи Афедерациа Апарламент аҟны азеиԥшкавказтәи археологиатә експедициақәа реиҿкаразы ажәадгала ҟарҵарц. Абри инамаданы жәабран 27 рзы имҩаԥысит аусутә гәыԥи ҳареи ҳаиԥылара. Ҷыдала ҳалацәажәон иазыԥхьагәаҳҭо апроектқәа ртәы. Аиԥылара ааиртит Афедерациатә хеилак аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Иури Воробьев. Аиԥылара иалахәыз асенаторцәа зегьы иазгәарҭеит апроектқәа рыдгылара ишазыхиоу", — иҳәеит иара.

Ҭенгиз Ҭарба ишиҳәаз ала аусутә гәыԥ напхгара аиҭоит асенатор Игор Морозов.

Ҭарба ишиҳәаз ала, уаанӡа анапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны 2018 шықәса, аԥхынразы имҩаԥгахароуп ахыҵырҭа Санчараҟа раԥхьатәи археологиатәии аҭҵааратәии аицекспедициақәа.

"Иаԥҵоуп аусутә гәыԥқәа. Урҭ ажәытәуаҩ игыларҭақәа рыҭҵааразы Аԥсны араионқәа рахь аекспедициақәа реиҿкаара мҩаԥыргоит. Ҳара ҳапланқәа иҵегьы инарҭбааны ҳрыхәаԥшуеит. Ииасыз ашықәс азы атәыла Ахада иҟаиҵаз адгаларала имҩаԥган аекспедициақәа. Уажәы иҳагәҭакуп Урыстәылатәи Афедерациа Апарламент ахь аҳәара ҟаҳҵарц ажәытәӡатәи ауаҩы игыларҭақәа рахь рнеиразы азеиԥшкавказтәархеологиатә експедициақәа реиҿкараҿы иҳацхраарц. Иҳагәҭакуп абри апроекти аекспедициақәеи рхархәарала 1941-1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аан аибашьрақәа хьцоз Кавказтәи ашьхақәа рхыҵырҭақәа урыстәылатәи аган аинтерес дыркра. Афинанстәи аексперттәи цхыраара ҳаур ахыҵырҭақәа Санчара, Марыхә, Клыхәра рахь анеира есышықәса имҩаԥгахар ауеит", — иҳәеит иара.

Ҭенгиз Ҭарба иажаәқәа рыла урыстәылатәи асенаторцәа рԥылараан "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" ҩы-шықәсатәи русура иалацәажәеит.

"Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩ" Ксениа Сухинова еиҭалҳәеит абарҭ аамҭақәа рзы лусура атәы. Иҭабуп ҳәа ралҳәеит асенаторцәеи апарламентарицәеи иҟарҵаз агәцаракразы" — иҳәеит иара.

Афонд "Ишьхатәылоу Аԥсны", Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистрреи "Аԥсны агәыҳалалра Ацҳаражәҳәаҩцәа" реиҿкаареи рыцхыраарала иазыԥхьагәанаҭоит урыстәылатәи асенаторцәеи адепутатцәеи рҟынтәи аусутә гәыԥ аԥҵара, урҭ Урыстәылатәи Афедерациа Апарламент аҟны азеиԥшкавказтәи археологиатә експедициақәа реиҿкаразы ажәадгала ҟарҵарц. Абри инамаданы жәабран 27 рзы имҩаԥысит аиԥылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0