Ԥиԥиа: Тҟәарчалтәи "Шахта ГЭС" аиҭашьақәыргылара иалацәажәан

© SputnikВахтанг Пипия
Вахтанг Пипия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны аҳәынҭмазареи априватизациеи рзы аилак ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиеи китаитәи аҭҵаарадырра-техникатә еилахәыра "Кака Чайн-недвижимость" алахәылацәеи реиԥылара.

АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Тҟәарчалтәи "Шахта ГЭС" аиҭашьақәыргылара аганахь ала аилацәажәарақәа мҩаԥысуеит китаитәи аҭҵаарадырра-техникатә еилахәыра "Кака Чайн-недвижимость" алахәылацәеи ҳареи ҳабжьара, ҳәа иҳәеит Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз Аԥсны аҳәынҭмазареи априватизациеи рзы аилак ахантәаҩы Вахтанг Ԥиԥиа.

"Китаитәи жәлар рреспублика ахаҭарнакцәеи ҳареи аус еицаауеижьҭеи, ҳаиныруеижьҭеи ҩышықәса ирықәуп. Ишыжәдыруеиԥш китаитәи аԥыжәаратә технологиақәа адунеи зегьы аҿы аинтерес рымоуп. Ҳәарада ҳаргьы урҭ ринтерес ҳамоуп. Даргьы Аԥсны азхьаԥшра арҭоит", — иҳәеит иара.

Ԥиԥиа иажәақәа рыла макьаназы аицәажәарақәа зызцо ааглыхрахь аинвестициақәа рыҟаҵароуп.

""Шахта ГЭС" ианаамҭаз 70 мегаватт инареиҳаны афымцамчра аузышьҭуаз станциан. Тҟәарчалтәи ашахтақәа зегьы рымаҵ ауан. 70-тәи ашықәсқәа раан аусура аанкылан. Уажәы уи аиҭашьақәыргылараз ажәадгала цәырҵит. Аԥсны ахы-аҵыхәа ҳара еиҭашьақәҳаргылар акәны иҟоуп егьырҭ афымцастанциақәагьы. Абри аганахь ала "Шахта ГЭС" иреиҳау проектны иҟоуп. Уажәазы ԥхьаҟатәи ҳаиныррақәа рпроект шьақәҳаргылеит", — иҳәоит Ԥиԥиа.

"Шахта ГЭС" аиҭашьақәыргылараз ажәадгала зуз аԥснытәи аган ауп иҳәоит Ԥиԥиа.

"Аԥсны ахы-аҵыхәа ҳара еиҭашьақәҳаргылар акәны иҟоуп жәаба инарзынаԥшуа егьырҭ афымцастанциақәагьы. Абри аганахь ала "Шахта ГЭС" иреиҳау проектны иҟоуп. Аобиект аиҭашьақәыргыларазы аԥара рацәаны иаҭахуп. Иара азхьаԥшра арҭеит китаитәи аилахәыра ахаҭарнакцәа. Макьаназы ҳусқәа аилацәажәаратә етап ауп ирыманы иҟоу", — иҳәеит Ԥиԥиа.

Ашахта акәзар, 40 шықәса инарзынаԥшуа аусура аанкылоуп.

"Китаитәи аинвесторцәа ашахта аинтерес ркит иара аиҭашьақәыргылара шалшоз анеилыркаа" — иҳәеит иара.

Иара убасгьы, аҽа китаитәи еиҿкаарак аинтерес цәырнагоит Аԥсны иахьаҵанакуа ахәаахәҭратә хаб ду аргыларазы. Абри аганахь ала макьаназы аилацәажәаратә процессқәа роуп имҩаԥысуа ҳәа азгәеиҭеит Вахтанг Ԥиԥиа.

Ажәабжьқәа зегьы
0