АҞӘА, жәабран 28 — Sputnik. Аҳәынҭқарратә Дума аҭаацәаратә еилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Елена Вторыгина аҳәамҭа ҟалҵеит ахшараиурҭа ҩнқәа рҟны ахәыҷқәа зцәеилаган изыԥсахыз амедеҳәшьцәа аҭакԥхықәра рақәыршәаразы азакәан апроект аус адулара шхацырку.
Уаанӡа адукат Игорь Саввин РИА Новости иазааицҳахьан 40 шықәса раԥхьа Пожвинтәи аҭыԥантәи ахәышәтәырҭаҿыииз ахәыҷқәа рыԥсахра ахҭыс иахҟьаны урҭ ранацәа аус аӡбарҭа раҭара шрыгәҭаку. Аӡбарҭаҟны ҭакҳәаҩыс иқәгылараны иҟоуп: иара ахәышәтәырҭа, арегионалтәии афедералтәии агәабзиарахьчараа министррақәа, Урыстәылаа финансқәа рминистрра, Приморсктәи атәылаҿацә.
Апарламентарицәа иазырыԥхьаӡоит асеиԥш аҭагылазаашьа ахәыҷқәа ацәыхьчатәуп ҳәа. Вторыгина лгәаанагарала иахьазы ахара зхараҵәҟьоу ракәымкәа аҭакԥхықәра иаҵадыргыло амаҵзурауаа роуп. Усеиԥш аҳәоит аус зуа азакәанԥҵара.
"Иахьазы ахара зхараҵәҟьоу ракәымкәа аҭакԥхықәра иаҵадыргыло амаҵзурауаа роуп. Усеиԥш аҳәоит аус зуа азакәанԥҵара. Аумҭа зуз амедеҳәшьцәа ракәзар, лахьык рырҭоит мамзаргьы русура иамырхуеит. Уиала еилгоит", — лҳәеит Аҳәынҭқарратә Дума аҭаацәаратә еилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Елена Вторыгина.
Ашьаустә закәанеидкыла инақәыршәаны иахьатәи аамҭазы хықәкыла ахәыҷы иԥсахразы хәышықәса ҿҳәарас ҳәа ирықәырҵоит штраф ҳасабла 200 000 мааҭ ацҵаны. Иара убри аамҭазы ахара здым амаҵзуратә хаҿқәа "аҭакԥхықәрада" ҳәа ахәҭаҷ иаҵадыркуеит.