Аԥшыхәратә усбарҭа: Қырҭтәыла арратә мчхара еизнарҳауеит

© Sputnik / Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМеждународные военные учения "Достойный партнер 2017" в Грузии
Международные военные учения Достойный партнер 2017 в Грузии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҟны имҩаԥысит инарҭбаау, 2018 шықәса жәабранмзазтәи русура аихшьаалақәа рзы аилацәажәара.

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Қырҭтәыла арратә мчрақәа реизырҳара иаҿуп, абџьар аахәаразы аныхрақәа ирыцырҵеит ҳәа азгәеиҭеит аилацәажәараҟны аҳасабырба ҟазҵоз Аԥсны Аԥшыхәратә усбарҭа аиҳабы.

"Иубарҭоуп Қырҭтәылаҟа абџьар аагара ишазҳартәыз. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла Франциа иамнахәааит аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа. Иара убасгьы маҷ-маҷ аԥсахра иаҿуп асовет аамҭақәа раахыс ирымаз абџьар", — иҳәеит аррамаҵзурауаҩ.

НАТО иҟанаҵаз абжьагарала 2018 шықәсазтәи Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрра абиуџьет арратә алианс астандартқәа ирықәшәо иҟаҵоуп иҳәеит иара.

2018 шықәса рзы Қырҭтәыла иагәҭакуп абиуџьет аҟынтәи 20% абџьар аахәаразы аныхра. Уи 2015 шықәса иадкыланы уахәаԥшуазар, 16% рыла еиҳауп.

"НАТО-и Қырҭтәылеи арратә зыҟаҵара аганахь ала русеицура аҳәаақәа ирҭакны имҩаԥысуеит Қырҭтәыла ар разыҟаҵара. Амилаҭтә гвардиа ашкол аҟны аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаԥысуан норвегиатәи аинструкторцәа рнапхгарала азыҟаҵаратә ҵарақәа. Мызкы иназынаԥшуа франциатәи аинструкторцәа азыҟаҵарақәа мҩаԥыргон ашьха иахьаԥгу аҭыԥқәа рҿы. Жәабран 20-28 рзы имҩаԥысуан анџьныр бригада аррамаҵзурауаа разыҟаҵарақәа. Урҭ напхгара рырҭон германиатәи аинструкторцәа", — иҳәеит аусбарҭа аиҳабы.

Иара иажәақәа рыла аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәыла аԥынгылақәа разыԥшаара инадҳәаланы иалшоит Қырҭтәылеи НАТО-и реизааигәахара мҩаԥысыр.

Ажәабжьқәа зегьы
0