Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Нильс Скотт иԥылеит

© Фото : МИД АбхазииВстреча Министра иностранных дел Республики Абхазия Даура Кове с постоянным координатором Программы развития ООН (UNDP) Нильсом Скоттом
Встреча Министра иностранных дел Республики Абхазия Даура Кове с постоянным координатором Программы развития ООН (UNDP) Нильсом Скоттом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәабран 28 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи Еидҵоу амилаҭқәа реилазаара арегионалтә ҳәаақәҵаҩ Аԥсны иҟоу ПРООН апрограмматә офис ахада Нильс Скотти реиԥылара.

АҞӘА, хәажәкыра 1– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәабран 28 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи Еидҵоу амилаҭқәа реилазаара арегионалтә ҳәаақәҵаҩ, Аԥсны иҟоу ПРООН апрограмматә офис ахада Нильс Скотти реиԥылара ҳәа ааицҳаит аминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырраз Адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа.

"Аиԥылараҿы ирзааҭгылеит Аԥсны иҟоу аилазаара ахаҭарнакрақәа русура ахырхарҭа хадақәа, агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа. Нильс Скотт иазгәеиҭеит Едҵоу амилаҭқәа реилазаара ахаҭарнакрақәа русура Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иадыруа, иҳәаақәнаҵо ишымҩаԥгалатәу. Дырзааҭгылеит ПРООН Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны имҩаԥнаго апроектқәеи 2018 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭаны иҟоу апроектқәеи. Аиԥылараҿы иазааҭгылеит иара убас наҟ-ааҟгьы аинтерес ззеицрыманы иҟоу азҵаарақәа ргуманитартә аспект", — иҳәеит Гагәылиа.

Аиԥылараҿы иазгәаҭан 2017 шықәсазтәи аусура аҳасабырба амҩаԥгара. Нильс Скотт аминистр изаанижьит аҳасабырба, иара убасгьы ирылацәажәан Аԥсны иахьаҵанакуа ақыҭанхамҩатәи аҵарадырратәи апроектқәа адгылара рыҭара азҵаара.

Аиԥылара иалахәын: аминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырраз Адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа, ООН аҳәаақәҵаҩ ицхырааҩ ҷыда Анн-Софи Хеллгерн, Аахыҵ Кавказ аҟны аҭынчреи аҿиареи рызҵаарақәа рзы абжьагаҩ Олег Процик.

Ажәабжьқәа зегьы
0