Атәыла Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСовещание в администрации президента по подготовке в празднованию Дня независимости Абхазии
Совещание в администрации президента по подготовке в празднованию Дня независимости Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада аминистррақәеи аусбарҭақәеи адҵа риҭеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 10-шықәса ахыҵреи Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 25-шықәса ахыҵреи рзы аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аплан иаарласны иаздырхиарц.

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада аминистррақәеи аусбарҭақәеи адҵа риҭеит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 10-шықәса ахыҵреи Аџьынџьтәылатә еибашьарҟны Аиааира 25-шықәса ахыҵреи рзы аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара аплан иаарласны иаздырхиарц. Иара убасгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит "Аиааираз" амедал (автор Валери Гамгьиа) ашьақәырӷәӷәаразы азакәан рыдкылатәуп ҳәа.

"Амедалқәа рганахь ала Атәылахьчара аминистрра Аиааира 25-шықәса ахыҵраз амедал азнархиоит. Ҳара иахьагьы иҳадҳамкылацт Владислав Григори-иԥа ихаан иазырхиаз адокумент — "Аиааираз" амедал (автор Валери Гамгьиа) ашьақәырӷәӷәаразы азакәан", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳаџьымба: агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа ишақәнагоу ала еиҿкаатәуп

Зегь раԥхьа иргыланы Аиааира 25-шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа рыплан азнархиароуп Атәылахьчара аминистрра, мчыбжьык иахымгакәа.

Атәыла Ахада иара убасгьы анапынҵа ииҭеит Аҟәа ақалақь Ахада Адгәыр Ҳаразиа, аныҳәаан ауаа рацәа ахьнеиуа аҭыԥқәа ишақәнагахаша реиҿкааразы. Иара убасгьы Ҳаџьымба иҳәеит иаарласны апланқәа азнархиар шакәу Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистрра.

"Ауснагӡатәқәа рыплан аздырхиахьеит, иаҳзааргахьеит Аҵара аминистрреи Аҳәынҭқарратә университети", — иҳәеит Ахада.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҿартә политиказы Аҳәынҭеилаки Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистрреи ауснагӡатәқәа рыпланқәа еицеиҿыркаар шакәу.

Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит Аиааира 25-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа хәажәкыра 16 рзы ишхацыркхо, Адыгатә симфониатә оркестри Москватәи атеатрқәа рсолистцәеи еицымҩаԥырго ахәылԥаз-реквием ала. Нанҳәамза 26 рзы Аԥсныҟа иаауеит Пиатницки ихьӡ зху академиатә хор.

Ажәабжьқәа зегьы
0