АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәлар ринструментқәа роркестр VIII Рреспубликатә фестиваль "Аԥхьарца" мҩаԥысит хәажәкыра 1 азы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филамониаҟны.
Раԥхьаӡа акәны "Аԥхьарца" мҩаԥысит аконкурс аформат аманы. Иара иалахәын Аԥсны араионқәа рҟынтәи жәлар ринструментқәа рансамбльқәа, Адыгатәылеи Ҟабарда-Балкариеи рҟынтәи асасцәа.
Афестиваль алахәылацәа ҭабуп ҳәа раҳәо аихшьаалақәа ҟаиҵеит жәлар рырҿиара Ареспубликатә центр адиректор, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Нури Кәарҷиа.
"Аконкурс номинациа-номинациала еихшан. Еиндаҭлон аԥхьарцарҳәара, ачамгәырарҳәара, аҿырпынарҳәара рҟазараҟны. Ажиури рыцхыраарала ҳара амузыкантцәа рықәгылара аихшьаалақәа ҟаҳҵеит", — иҳәеит Кәарҷиа.
Аноминациа "Аԥхьарца" аҟны актәи аҭыԥ ранашьахеит Хьымца Хынҭәбеи Борис Қәҭелиеи, аҿарпын арҳәараҟны далкаахеит акультуратә ҵараиурҭа астудентка Софиа Кесекова, ачамгәырарҳәараҿы диааиит Абзагә Ҵәыџьба. Ачамгәыр ҩыџьаны еицазырҳәоз рыбжьара иалкаахеит Иракли Џьумутиеи Михаил Гьергьедааи.
Аоркестрқәа рыбжьара актәи аҩаӡара адиплом ранаршьеит Лӡаа ақыҭатәи аоркестр "Аԥхьарца", акультура Аҳәынҭқарратә ҵараиурҭа аоркестр "Агәыӷра".
Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа рҳәынҭқарратә оркестри аҳәынҭқарратә авокал-инструменталтә ансамбль "Гәындеи", ансамбль "Адаули" иранашьан афестиваль актәи аҩаӡара змоу адипломқәа.
Афестиваль иалауреатцәахеит Ҟабарда-Балкариатәи аколлектив "Bzabza".
Жәлар ринструментқәа роркестр VIII Рреспубликатә фестиваль "Аԥхьарца" мҩаԥысит хәажәкыра 1 азы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филамониаҟны.