Амармалташь пты аныхразы ареспубликатә штаб аԥҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукПрезидент Абхазии Рауль Хаджимба провел совещание с участием ученых, глав администрации городов и районов республики посвященное борьбе с мраморным клопом.
Президент Абхазии Рауль Хаджимба провел совещание с участием ученых, глав администрации городов и районов республики посвященное борьбе с мраморным клопом. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада аилацәажәара мҩаԥигеит аҵарауаа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны.

АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба амармалташь пты аныхра еиҿызкаауа ареспубликатә штаб аԥҵаразы аилацәажәара мҩаԥигеит аҵарауаа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны.

Клоп коричневый мраморный щитник (Halyomorpha halys) - Sputnik Аҧсны
Апты анырҵәаразы ахәшәқәа Аԥсныҟа иаагоуп

Аштаб напхгара аиҭоит Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц.

"Аштаб аилазаарахь иалаҵоуп ҳаҭҵаарадырратә институтқәа рхаҭарнакцәа, абри ахырхарҭаҿы ашәарҭадара алыршара иазырхо аструктурақәа рхаҭарнакцәа. Араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа есымчыбжьа аштаб анапхгареи Ақыҭанхамҩа аминистрреи ирыҿцаалароуп рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа аӡбра рзуразы", — иҳәеит иара.

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит аусура хра аманы иҟазарц азы иахәҭаны иҟоу амониторинг мҩаԥгалатәуп.

"Сара исҳәом апроблема шьаҭанкыла иҳаӡбоит ҳәа аха аусура аҭахуп", — иҳәеит иара.

Уи адагьы араионқәа рҟынгьы иаԥҵатәуп аштабқәа.

"Араионқәа рыштабқәа реилазаара иалаҵахоит ақыҭанхамҩатә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аҭыԥ аҿы хаҭала аус зуа. Аекологиа аинститут, Ақыҭанхамҩа аинститут, Ақыҭанхамҩа аминистрра рнапхгарақәа рахь аҳәаар ҟасҵоит ауаа идшәырдырларц апты иаҿагыланы ақәԥара аметодқәас иҟоу", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар иазгәеиҭеит аӡынра аамҭазы апты маҷымкәа ишынҵәаз.

"Аӡынразы апты адгьыл ихәыҵалеит. Иԥхарран азы ианцәырҵызгьы ҟалеит. Аха аԥхарра ашьҭахь еиҭах ахьҭақәа аныхынҳә игылаз амаҵа ԥсит, избанзар уи еиҭах адгьыл ицәыҵаланы аҽыҵәахра алшомызт", — иҳәеит Дбар.

Даур Тарба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Даур Ҭарба: апты ааха ду анаҭеит анхацәа раарыхра

Мшаԥымзазы амармалташь пты ацәа иалҵуеит, аԥырра иалагоит. Иҟалоит иара уажәтәи ахыԥхьаӡара цәара ианцоз аасҭа 10% рыла еиҵахар.

"Убри азы аԥхьатәи ааԥын мзақәа рзы ахыԥхьаӡара рацәахом. Инеиҳау ахыԥхьаӡара ҟалоит ԥхынгәымзазы", — иҳәоит Роман Дбар.

Иара иҳәоит еиуеиԥшым аԥхасҭаҟаҵаҩцәа ирҿагыланы ақәԥаразы аҵиаахьчара асистема зегьы амодернизациа азутәуп, аҟазауаа, агрономцәа, аентомологцәа еиҵааӡатәуп, иажәыз атехника ԥсахтәуп ҳәа.

Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба иҳәеит 2018 шықәса рзы абри апроблема аӡбра аҭара ишазоужьу 10 миллион мааҭ аԥара. Иахьазы иаахәоуп х-миллион мааҭ рыхә ахимикатқәа. Дара ареспублика араионқәа зегьы ирзеихшоуп иҳәеит аминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0