Аекспертцәа: ҳажәлар активла рхы рыладырхәоит Урыстәыла ахада иалхрақәа

© Sputnik / Томас ТхайцукДаниил Убирия и Тамаз Гогия
Даниил Убирия и Тамаз Гогия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Когониаԥҳа лымҩаду" адырраҭараҟны иалацәажәеит хәажәкыра 18 рзы имҩаԥысраны иҟоу Урыстәыла ахада иалхрақәа.

Sputnik

Азакәан инақәыршәаны, Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа хәажәкыра 18 аҽны рыбжьы рҭиуеит Урыстәыла ахада иалхрақәа рыҟны. Ишԥацо алхарақәа реиҿкаара, насгьы, ҵакыс иамоузеи Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа рзы урҭ алхрақәа, абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟарҵеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асасцәа Аԥсны алхратә комиссиа ахада Ҭамаз Гогиеи, иара убас, ауаажәларратә палата ахада лхаҭыԥуаҩ Даниил Убириеи.

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Урыстәыла ахада иалхрақәа ирызкны

"Урыстәыла аҳәынҭқарра азакәан ишаҳәо ала алхрақәа азыҟаҵара рнапы иануп иара аҳәынҭқарра иаҵанакуа ауааԥсыра. Аха, Аԥсныи Урыстәылеи алхратә комиссиақәа аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит иҳалшо ала ацхыраара раҳҭаларц. Егьырахь акы мцхәны, азакәан аҳәаақәа ҳарҭысны акы аҟаҵара азин ҳамаӡам", — иҳәеит Гогиа.

Урыстәыла ахада иалхрақәа Аԥсны ианымҩаԥысуа ҳауаажәлар ҳхада далаҳхуашәа азҿлымҳара ду аадырԥшуеит, ҳәа иҳәеит Даниил Убириа.

"Ҳауаажәлар активла рхы рыладырхәоит абжьыҭира, агәарангьы ианықәгалоу ыҟоуп. Аинтерес ирымоу уи џьашьатәыс иҟалар ҟалом, избан акәзар жәытә-натә аахыс Урыстәылеи ҳареи ҳаиҩызара аҭоурых амоуп, адацқәа ҵаулоуп. Иахьа дзусҭазаалак алхрақәа рахь ицо уиазҵаар иҳәоит, ҳара ҳекономика, ҳкультура, ҳполитика шеидҳәалоу. Уи аҟнытә рҭагылазаашьа уа ианыбзиаха, ҳаргьы ҳаԥсҭазаара аҽакхоит", — ҳәа агәаанагара имоуп иара.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳражәҳәарҭа роуп Аԥсны алхрақәа рымҩаԥгара знапы иану.

"Ацҳаражәҳәарҭеи ҳареи акыр аимадара ӷәӷәаны иҳабжьоуп. Ҳара азин нҳамоу абжьыҭира ажәлар ишырзыманшәалоу иҟазар ауп", — иҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа ахада.

Егьырҭ ашықәсқәа рзы алхратә ҭыԥқәа фба-жәба ыҟазар, иацыиҵеи иажәа Гогиа, сынтәа алхратә ҭыԥқәа ҩажәа ыҟоуп.

Заседание ЦИК РФ - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла алхрақәа раамҭа ааигәахоит

"Исҳәарц сылшоит Гагра араион алхратә ҭыԥқәа ԥшьба ыҟоу, Гәдоуҭа- хԥа, Аҟәа араион –акы, Аҟәа ақалақь- ԥшьба, Очамчыра араион –ԥшьба, Гал- акы, Тҟәарчал — акы. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит ацхыраара рыиҭарц. Уи аҟнытә Рауль Ҳаџьымба изыхәҭоу аусбарҭақәа аиҳабацәа алархәны аизара ԥҩаԥигеит. Уи адагьы Ацҳаражәҳәарҭа аҟны еиҿкаауп "Алхыҩцәа рыклуб", дара алхрақәа рзы азҵаарақәа змоу зегьы аҭак ҟарҵоит", — ацыиҵеит уи.

Даниил Убириа иажәақәа рыла "Алхыҩцәа рыклуб" аиҿкаара Ауаажәларратә палата алахуп.

"Раԥхьатәи амш инаркны ауаажәларратә палата алахәылацәа хә-ҩык уи аиҿкаара иалоуп. Ҳхы –ҳахшыҩ еилаҵаны ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбара ҳҽазаҳшәоит, ес-хаша асааҭ 12 рзы аизарақәа мҩаԥаҳгоит", — иҳәеит иара.

Алхратә ҭыԥқәа аус рулоит ашьыжь асааҭ 8 инаркны 20-нӡа. Алхрақәа рхы рыладырхәыр ҟалоит Аԥсны инхо, мамзаргьы аԥсшьара ҳәа ҳтәыла иаҭааны иҟоу Урыстәыла атәылауаа. Уи азы алхыҩ имазар ауп аҿҳәара змоу Урыстәыла дшатәылауаҩу зыршаҳаҭуа ашәҟәы.

Ажәабжьқәа зегьы
0