АҞӘА, хәажәкыра 5 — Sputnik. Цхинвал имҩаԥысит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоеви Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиеви реиԥылара. Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев иазгәеиҭеит атәылақәа аҩба рыбжьара аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа хра рыманы ишыҿио, атәылақәа рхадацәа рыбжьара аимабзиара шьақәгыланы ишыҟоу. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.
"Аиԥылараан ауаԥс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рзы агәаанагарақәа еибыҳәан, ирылацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.
Елбакиев далацәажәеит 2018 шықәса рзы Аԥсны иазгәаҭахараны иҟоу аиубилеитә рыцхәқәа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашьаҭаркра 25-шықәса ахыҵра, Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 25-шықәса ахыҵра, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара 10-шықәса ахыҵра.
Аахыҵ Уаԥстәылагьы иазгәарҭараны иҟоуп ахьыԥшымра азхаҵара 10-шықәса ахыҵреи Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылатәи Афедерациеи рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара 10-шықәса ахыҵреи, ақырҭуа агрессорцәа аибашьра ралагара 10-шықәса ахыҵреи.