АҞӘА, хәажәкыра 7 — Sputnik. Шьамтәылатәи аҳаиртә баӷәаза Хмеимим аҟны ашьҭыԥраара-тәаратә цәаҳәаҟынӡа 500 метра шагыз атранспорттә ҳаирплан АН-26 каҳаит. Аҳаирплан иҭаз 26-ҩык апассаџьырцәеи 6-ҩык аҳаирплан аекипажи ҭахеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Хәажәкыра 6, асааҭ 15.00 (мск) рзы Шьамтәылатәи аҳаиртә баӷәаза Хмеимим аҟны ашьҭыԥраара-тәаратә цәаҳәаҟынӡа 500 метра шагыз атранспорттә ҳаирплан АН-26 каҳаит. Аҳаирплан иҭаз 26-ҩык апассаџьырцәеи 6-ҩык аҳаирплан аекипажи ҭахеит" ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.