Китаитәи адепутатцәа Аконституциа ариашарақәа аларгалеит

© AFP 2023 / Wang ZhaoСи Цзиньпинь
Си Цзиньпинь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Китаитәи адепутатцәа Аконституциа ариашарақәа аларгалеит. Уи инақәыршәаны КНР ахантәаҩы ес-хәышықәса ԥымкрада иалхра алшоит.

АҞӘА, хәажәкыра 12 — Sputnik. Китаизегьтәи жәлар рхаҭарнакцәа реизара адепутатцәа Аконституциа ариашарақәа аларгалеит. Уи инақәыршәаны КНР ахантәаҩы ес-хәышықәса ԥымкрада иалхра алшоит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Уажәы Аконституциа ахәҭаҷ ишаҳәо ала ахантәаҩы ихантәаҩра ҩ-ҿҳәарак еиҳахар ҟалом. Аконституциа иалагалоу ариашара "ҩ-ҿҳәарак" алгахоит.

Абасала КНР ахантәаҩы ес-хәышықәса далырхлоит ԥымкрада.

Уи адагьы Аконституциа иалагалахоит ариашара – ахылаԥшразы Аҳәынҭқарратә орган аԥҵара. Уажәазы антикоррупциатә хылаԥшара мҩаԥнагоит адисциплина агәаҭаразы ацентртә Комиссиа.

Иазыԥхьагәаҭоуп аусбарҭа ҿыц хаҭала аусҭҵаарақәа мҩаԥнагалоит ҳәа.

Иааидкыланы адепутатцәа Аконституциа иаларгалеит 20 рҟынӡа рҽеира.

Ажәабжьқәа зегьы
0