Росавиациа адунеи ачемпионат-2018 амҩаԥысраан абилеҭқәа рыхәԥса ацҵара алнаршом

© Sputnik / Роман Владимиров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтойки регистрации в новом терминале аэропорта "Стригино" в Нижнем Новгороде, архивное фото
Стойки регистрации в новом терминале аэропорта Стригино в Нижнем Новгороде, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Росавиациа адунеи ачемпионат-2018 амҩаԥысраан абилеҭқәа рыхәԥса ацҵара алнаршом. Урыстәылатәи авиоеилахәырақәа ашьапылампыл азы ахәмаррақәа ахьымҩаԥысуа ақалақьқәа рахь атарифқәа рыҳаракра азин рымам.

АҞӘА, хәажәкыра 12 — Sputnik. Росавиациа адунеи ачемпионат-2018 амҩаԥысраан абилеҭқәа рыхәԥса ацҵара алнаршом. Урыстәылатәи авиоеилахәырақәа ашьапылампыл азы ахәмаррақәа ахьымҩаԥысуа ақалақьқәа рахь атарифқәа рыҳаракра азин рымам. Хәажәкыра 10 инаркны амониторинг есыҽны абри аганахь ала имҩаԥнагалоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аусбарҭа ҵаҵӷәыда абилеҭқәа рыхәԥса аҳаракра ҭнаԥшыхәыр, абри азы адырра рнаҭоит Афедералтә антимонополтә маҵзура (ФАС), Роспотребнадзор, Ространснадзор, Апрокуратура хада.

Уаанӡа Росавиациа асеиԥш аусқәа аднакылахьазар, уажәшьҭа азакәан шьаҭа аманы ишьақәырӷәӷәоуп.

Уи адагьы хәажәкыра 10 инаркны авиоеилахәырақәа есымчыбжьа адырра ҟарҵаралоуп анапаҿы иҟоу абилеҭқәа рзы.

Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысуеит Урыстәыла, 2018 шықәса рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәымза 15 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0