Ҳаамҭазтәи аҟазара ацәыргақәҵа "1+1" аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие выставки 1+1
Открытие выставки 1+1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаамҭазтәи аҟазара ацәыргақәҵа "1+1" аатит Аҟәа, хәажәкыра 12 рзы, азал "Склад" аҿы.

АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Ҳаамҭазтәи аҟазара ацәыргақәҵа "1+1" аатит Аҟәа. Фҩык авторцәа арахь иааргеит русумҭақәа ҳәа ҳкорреспондент илзеиҭалҳәеит ацәыргақәҵа акуратор Таниа Ергунова.

Авторцәа — асахьаҭыхыҩ Амра Чичԥҳа, апоет, ажурналист Антон Очиров, афотоҭыхыҩцәа Константин Грецов, Таниа Ергунова, Асиа Савельева, аграфик Николь Барцыц.

Ергунова лажәақәа рыла ацәыргақәҵа ахьӡ Асиа Савельева лусумҭақәа руак иахылҿиааит.

Акуратор илҳәеит ацәыргақәҵахь ицәырго аусумҭақәа дара дара шеидҳәало.

"Азал зегьы иаку композициа дук еиԥш иудукылар алшоит. Аусумҭақәа еиуеиԥшым: ара иҟоуп аграфика, аҿыханҵа, афотосахьа, аинсталлиациа. Апоет, ажурналист Антон Очиров иакәзар иахьа сахьаҭыхҩык иеиԥш дцәырҵит. Иусумҭа иӡыз амзақәныҟәа иазкуп. Аинсталлиациа атекст ацуп. Хымԥада атекст иаԥхьатәуп. Иара убасгьы иара иҳазцәыригеит иажәеинраалақәа. Урҭгьы ҵакылеи ҭагылазаашьалеи еинаалоит", — лҳәоит Ергунова.

© Sputnik / Томас ТхайцукКартина Амры Чичба
Картина Амры Чичба  - Sputnik Аҧсны
Картина Амры Чичба

Лара илҳәоит аҭааҩцәа зегьы ацәыргақәҵа аидеиақәа еилыркаап ҳәа ишазыԥшым аиҿкааҩцәа.

"Усеиԥш залшом, иагьаҭахым. Иаҳҭахуп ауаҩы дааины, идаагало дахәаԥшны, аинтерес кны дхәыцырц "уаанӡа сзазымхәыццыз, аинтерес шԥаҵо!" ҳәа. Иаҳҭахуп аофициалтә аартра аҽны акәымкәа, аҽа мшык азы азы аӡә дааины, ҭынч азал аҿы днатәаны иибо дазхәыцырц", — лҳәоит лара.

Ацәыргақәҵа аартра амш еснагь ауаа рацәа ацуп. Арахь иааиуеит ҳаамҭазтәи аҟазара абзиабаҩцәа рыдагьы ааԥхьара змоу.

Иашала иуҭахызар, ацәыргақәҵахь иааиуа ҭынч, дасу ихы дазаанхо идыргало дахәаԥшуазароуп, аха иахьатәи ацәыргақәҵа аҽа сахьак снарбеит. Угәы иаанагарын акраамҭа еибамбац, еиҿгәыҳәааны иҟаз ауаа иреиқәшәарҭахеит ҳәа. Аиаша уҳәар амии, асеиԥш аназгәасҭо иахьа мацара акәым. Аиҳарак ацәыргақәҵақәа рҟны избахьеит, азҵаарагьы сызцәырҵхьеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукФотография Константина Грецова из серии "Меланхолия"
Фотография Константина Грецова  из серии Меланхолия - Sputnik Аҧсны
Фотография Константина Грецова из серии "Меланхолия"

Афотоҭыхыҩ Константин Грецов, аинформациатә маҵзура Sputnik абильд-редактор, ацәыргақәҵахь иааигеит афотосахьақәа ҩба, асериа "Меланхолия" аҟынтәи.

"Ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа ирыӡбеит асериаҟынтәи ҩба-хԥа усумҭа алырхырц. Сара сусумҭақәа ахаангьы ахьыӡқәа рысҭом. Исҭахым ахәаԥшцәа ҳәаак иҭасыртәар, акы иадысҳәалар. Дара рхала иазнеиааит автор ииҳәарц ииҭахыз", — иҳәоит иара.

Грецов асериа "Меланхолия" азы 40 рҟынӡа фотосахьа ҭиххьеит. Игәҭаку хаҭалатәи ицәыргақәҵазы 15 рҟынӡа усумҭа нагахоит.

"Сусумҭақәа аҽа ганкахьала ауаа ирыдызгалар сҭахуп. Иазыԥхьагәасҭоит илашьцо ауада, аусумҭақәа зкыду аҭӡаҟынтәи ирлашахоит, афонтә музыка азал иҩныҩуеит. "Меланхолия" –аԥсихологиатә гәыҵхара ду змоу ауаа рҭоурых аанарԥшуеит. Аҵакы дууп аҭыхымҭақәа ахьымҩаԥуго аҭыԥ", — иҳәеит Константин Грецов.

Ацәыргақәҵа "1+1" еиҿкаауп Аԥснытәи ауаажәларратә фонд "Амшра" иҟанаҵо афинанстә цхыраарала.

Ҳаамҭазтәи аҟазара ацәыргақәҵа "1+1" аатит Аҟәа, хәажәкыра 12 рзы, азал "Склад" аҿы. Хәажәкыра 20 рҟынӡа аҭааҩцәа рзы иаартхоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие выставки 1+1
Открытие выставки 1+1 - Sputnik Аҧсны
Открытие выставки 1+1
Ажәабжьқәа зегьы
0