"Софичка" Искандер ихьӡ зху аԥхьахә аиур алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукСпектакль "Софичка" в рамках фестиваля искусств Фазиля Искандера "Стоянка человека" открылся во вторник 20 июня на сцене Русского государственного театра драмы
Спектакль Софичка в рамках фестиваля искусств Фазиля Искандера Стоянка человека открылся во вторник 20 июня на сцене Русского государственного театра драмы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аурыс ПЕН-центр 2016 шықәса рзы ишьаҭаркыз Фазиль Искандер ихьӡ зху алитературатә ԥхьахә заур зылшо рсиа акьыԥхьит.

АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. "Щука" Аԥсуа студиа асахьаркыратә напхгаҩы Елена Одинцова линсцинировка "Софичка" Искандер ихьӡ зху аԥхьахә алонг-бӷьыц ианылеит. Абри атәы аанцҳауеит РИА Новости.

Алонг-бӷьыц иануп 40 рҟынӡа рҿиамҭа аноминациақәа "Апроза", "Апоезиа", "Акиносценари", "Адраматургиа" рыла.

архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Астудентцәа р-"Софичка" ахәаԥшыҩцәа ирбараны иҟоуп

ПЕН-центр апрезидент ихаҭыԥуаҩ Борис Евсеев иажәақәа рыла Фазиль Искандер ирҿиара иақәнагоит ихьӡ зху аԥхьахә ашьаҭаркра.

"Иалшоит ҳәарада ибаҟа ургылар, амедал аԥуҵар, аха аԥхьахә зегь раасҭа иқәнагоу акоуп. Иара аԥсҭазаара ацуп. Фазиль ихьӡ ргәаларшәо еиҳа иҳараку акы рҽаназыршәо, ахәшьара ҳаракхоит. Аԥхьахә иахықәкы хаданы иҟоу ахьыӡ ҿыцқәа раартра. Ҳара аҟыбаҩ змоу ауаа рацәаны иҳамоуп. Урҭ рҟазара аарԥшра ҳҽазаҳшәоит", — иҳәоит иара.

Евсеев ишиҳәаз ала аԥхьахә ахь иреиӷьу аусумҭақәа ралхраз Искандер итрадициақәа ирықәныҟәалатәуп.

"Фазиль Искандер итрадициақәа ируакын хымԥада ахәыҷра азхьаԥшра, апоезиаҿ аума апрозаҿ аума ауаҩра ҳаҭыр ақәҵара. Ҳаргьы иаҳҭахуп иҳараку, ицқьоу апоезиа, апроза. Ауаҩымра зыцәтәыму. Фазиль Абдул-иԥа ауаҩымра ицәтәымын, бзиа ибомызт", — иҳәеит иара.

Искандер ихьӡ зху аԥхьахә ажиури иалахәуп: ашәҟәыҩҩы Евгени Попов (ахантәаҩы), апоет-бард Александр Городницки, апрозаик Максим Гуреев, ашәҟәыҩҩы Борис Евсеев, апоетесса Марина Кудимов, апоет Едуард Русаков.

Раԥхьаӡа акәны ицәыргоуп аноминациа "Чегемтәи аҳаракырақәа". Арахь ирыдыркылоит урысшәала иҩуа кавказтәи ареспубликақәа рҟынтәи авторцәа рырҿиамҭақәа.

"Аидеиа ажиурии аиҿкааратә еилаки иртәуп. Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа ҵыԥх ара лыҟазаараан абри ҳалацәажәеит. Лара адгылара ҳалҭеит. Ҳгәы иаанагоит урыс бызшәала иҩуа кавказтәи арегион иатәу алитераторцәа ацхыраара рыҭатәуп ҳәа. Искандер ишиҳәоз еиԥш "Чегемтәи аҳаракырақәа" рҟынтәи адунеи ибон. Ҳара иаҳҭахуп егьырҭгьы убрахьынтәи адунеи рбаларц", — иҳәеит Евсеев.

Абри аноминациахьа усумҭақәа рыдкылара аҿҳәара иацҵоуп 2018 шықәса мшаԥымза 1 аҟынӡа.

Аурыс ПЕН-центр 2016 шықәса рзы ишьаҭаркыз Фазиль Искандер ихьӡ зху алитературатә ԥхьахә заур зылшо рсиа акьыԥхьит.

Ажәабжьқәа зегьы
0