Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аԥҳазоу: Гьаргь Гәлиа иҩымҭақәа рҟны аԥсуара закәу инагӡаны иааирԥшуан

© Sputnik / Томас ТхайцукВахтанг Абхазоу
Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 14 аҽны 105 шықәса ҵит диижьҭеи Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ, ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит Гьаргь Гәлиа аԥсуа литератураҿы илагалақәа ртәы.
"Хра злоу ахҭысқәа": Вахтанг Абҳазоу Гьаргь Гәлиа игәаларшәара иазкны

"Гьаргь Гәлиа урыс бызшәала акәын дшыҩуаз, аха амилаҭ литература дахӡыӡаауан. Иҩымҭақәа рыҟны аԥсуара, ажәытә-аҿатә инагӡаны иаазырԥшуаз авторуп. Гьаргь Гәлиа асахьаҭыхра дазҟазан. Алитература изхьаԥшра машәыршақә иҟамлеит, иара диит аԥсуа литература ауасхыр азышьҭазҵаз Дырмит Гәлиа иҩнаҭаҿы", – иҳәеит Аԥҳазоу.

1930 шықәсазы раԥхьаӡа акьыԥхь абеит Гьаргь Гәлиа иповест "На скате". Ажәабжь кьаҿқәеи, ахәыҷқәеи ирызку аповестқәеи еидкыланы шәҟәны "У костра" ахьӡны иҭыҵит 1937 шықәсазы.

Гьаргь Гәлиа иповест "Весна в Сакене" азы 1947 шықәсазы ианашьан Сталин ихьӡ зху апремиа ахԥатәи аҩаӡара, "аҳаҭыртә дырга" аорденқәа хԥа, Аԥсни Қарҭтәылеи зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ ҳәа ахьыӡ ҳаракқәа. Иара дравторуп хыԥхьаӡара рацәала ажәабжьқәеи, ароманқәеи, аповестқәеи, аҭоурыхтә жәабжьқәеи, акиносценариқәеи.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0