Урыстәылатәи адипломатцәа Англиа иалцахар алшоит

© Sputnik / Алекс Макнотон / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаг Великобритании на фоне Вестминстерского дворца в Лондоне.
Флаг Великобритании на фоне Вестминстерского дворца в Лондоне. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Британиа ду аԥыза-министр Тереза Меи аҳәамҭа ҟалҵеит урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла ралцара Британиа урыстәылатәи аԥшыхәратә маҵзурақәа русура акраамҭа иааннакылоит ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 15 — Sputnik. "Скрипаль иус" инадҳәаланы Британиа ду иҟоу 23-ҩык урыстәылатәи адипломатцәа атәыла иалцахар ҟалоит ҳәа. Абри азы Британиа аԥыза-министр Тереза Меи аҳәамҭа ҟалҵеит апарламент аҿаԥхьа данықәгылоз.

Британиа ду аԥыза-министр Тереза Меи илҳәеит урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла ралцара Британиа урыстәылатәи аԥшыхәратә маҵзурақәа русура акраамҭа иааннакылоит ҳәа.

Иара убасгьы Британиа ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ааннакылоит, Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоу ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат ахь Англиа акралцәа рҭаацәа рхаҭарнакцәа ааӡом.

"Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Лондон даҭаарц азы изыҟаҵаз ааԥхьарагьы шьҭахьҟа иргьыжьхоит", — лҳәеит Меи.

Британиа аԥыза-министр Сергеи Скрипаль иганахь ала имҩаԥгаз ажәыларатә уснагӡатәқәа мҩаԥызгаз Урыстәыла ауп ҳәа илшьоит, ааԥхьарагьы ҟалҵоит Урыстәыла жәларбжьаратәи анырра арҭарц.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова илҳәеит хара имгакәа Тереза Меи апарламент аҟны лықәгылара аҭак шыҟаҵахо.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акәзар Меи лҳәамҭа "ацирктә шоу" ҳәа ахырҳәааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0