Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Беиаԥҳа: абџьар ас ҭакԥхықәрада ахархәара иахьакәым ҳкылнагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМзия Бейя
Мзия Бейя - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьа Аԥсны ирацәаҩуп иҭаҩҩӡамкәа абџьар ҵәахны измоу ауаа, уи иахьакәым ҳкылнагоит, абри атәы лҳәеит "Коӷониаԥҳа лымҩаду" адырраҭаҟны Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, Аԥсны Афырхаҵа Мзиа Беиаԥҳа.
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Мзиа Беиаԥҳа абџьар ишакәым ахархәара иазкны

"Иахьа Аԥсны ирацәаҩуп иҭаҩҩӡамкәа абџьар ҵәахны измоу ауаа. Ари аҩыза аҭагылазаашьа иахьакәым ҳкылнагоит. Аԥсны абџьар аныҟәгареи, аҵәахреи азакәан ԥшра амазар ауп. Ауаҩы игәы ԥжәаны даныҟоу абџьар шьҭыихцыԥхьаӡа амашәыр алҵлоит", — лҳәеит лара.

Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0