Урыстәыла Ахада иалхраз Аԥсны абжьыҭара мҩаԥысуеит

© Sputnik / Мария Сибирякова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМобильные урны для голосования
Мобильные урны для голосования - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ахада иалхраз Аԥсны абжьыҭира хацыркуп. Алхыҩцәа ирылшоит дара рҭыӡҭыԥ еиҳа иазааигәаны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ ахь инеины рыбжьы рҭиирц. Алхырҭатә ҭыԥқәа аус руеит асааҭ 20:00 рҟынӡа.

АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. Хәажәкыра 18, ашьыжь асааҭ 8.00 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа иаатит алхырҭатә ҭыԥқәа 20, Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа рыбжьы рҭирц ахьрылшо.

Абжьыҭирахь инеиуа имазароуп Урыстәыла атәылауаҩратә шәҟәы. Алхыҩцәа ирылшоит дара рҭыӡҭыԥ еиҳа иазааигәаны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ ахь инеины рыбжьы рҭиирц. Алхырҭатә ҭыԥқәа аус руеит асааҭ 20:00 рҟынӡа.

Уаанӡа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Иури Иасносокирски далацәажәахьан абжьыҭира шымҩаԥгатәу атәы.

"Аԥсны еснагь абжьы зҭиуа аҵәаӷәа ахьишьуеит, Урыстәыла акәзар, ажәла аҿаԥхьа иҟоу аԥшькәакь аҟны адырга дыргылоит. Аҵәаӷәа ахьышәымшьын, мамзар абиуллитен ԥхасҭоуп ҳәа иршьоит", — иҳәоит иара.

Згәамбзиара иахҟьаны абжьыҭирахь изымнеиуа рзы еиҭарго аурнақәа аздырхиоит.

"Алхырҭатә ҭыԥ аҿы ада абжьыҭира азин ҟазҵо ауаҩԥсы иинвалидреи игәамбзиареи роуп. Уи азы хәажәкыра 8 инаркны хәажәкыра 18 рҟынӡа аҩыратә шәҟәы нашьҭтәуп мамзаргьы аҿырҳәалатә дырра ҟаҵатәуп. Аҩна абжьы анырҭиуа зыбжьы зҭиир зылшо ичмазаҩу мамзаргьы инвалиду ауаҩы заҵәык иоуп", — иҳәоит иара.

Алхырҭатә ҭыԥқәа аус рулоит асааҭ 20:00 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0