Григорьев: Аԥсны Путин изы зыбжьы зҭииз рыхәҭа еиҳа еиҳауп Урыстәыла аасҭа

© Sputnik / Илона ХварцкияПресс-конференция в посольстве России в Абхазии по итогам выборов президента России
Пресс-конференция в посольстве России в Абхазии по итогам выборов президента России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семен Григорьев ареспубликаҿ имҩаԥысыз алхрақәа реихшьаалақәа мҩаԥигеит.

АҞӘА, хәажәкыра 19– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәыла Ахада иалхраҿы актәи аҭыԥ ааникылеит Владимир Путин. Иара изы Аԥсны рыбжьы рҭиит 39 427-ҩык. Уи иартәоит 94,1%, иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Семен Григорьев, алхрақәа реихшьаала иазкны имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.

Хаджимба проголосовал на выборах президента России - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла ахада иалхразы ибжьы аиҭеит

"Урыстәылеиԥш, Аԥсынгьы аԥыжәара игеит Владимир Владимир-иԥа Путин. Аԥсны иара 20% рыла Урыстәыла аасҭа абжьқәа ирҭеит. Аԥсны аԥхьатәи аԥшьбатәиқәа рахь далашәеит Сергеи Николаи-иԥа Бабурин. Уи еилкаау акоуп. Иара Аԥсны ибзианы ирдыруа уаҩуп. Политик иҳасаб ала пату иқәуп", — иҳәеит Григорьев.

Наҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Павел Грудинин, иара изы рыбжьы рҭиит 1029-ҩык алхыҩцәа (2,46%), ахԥатәи аҭыԥ аҿы ихьӡ ҳәоуп Владимир Жириновски, иара изы рыбжьы рҭиит 654-ҩык алхыҩцәа (1,56%), Сергеи Бабурин 286 бжьы ирҭеит, Ксениа Собчак – 247 бжьы, Максим Сураикин – 98 бжьы иоуит, Григори Иавлински 65 бжьы иоуит, Борис Титов – 45 бжьы.

"Алхрақәа мҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵара инақәыршәаны", — иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ.

Семен Григорьев ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы инхо Урыстәыла атәылауаа.

"Алхрақәа рахь ауаа активла иааиит. Ртәылауаҩратә уалԥшьа нарыгӡеит. Арбагақәа угәы иахәартә иҟоуп. Ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп алхрақәа реиҿкаара иалахәыз" — иҳәеит адипломат.

Иара убасгьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит алхратә комиссиақәа рлахәылацәа.

"Алхратә комиссиақәа ирлахәылацәан Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа, Арратә база ахаҭарнакцәа, зынӡа 300-ҩык инарзынаԥшуа. Урҭ аус ду мҩаԥыргеит, аҭакԥхықәра ду аадырԥшит", — иҳәеит Григорьев.

Алхрақәа рганахь ала аҩыратә форма змаз ашшыԥхьыӡқәа аӡәгьы инеимышьҭит. Акомиссиа алахәылацәа алхрақәа рымш аҽны заанаҵтәи азыҳәақәа инарықәыршәаны амедицинатә усбарҭақәеи, абыргцәа рыҩни ирҭааит. Аԥсны иахьаҵанакуа алхрақәа ирылахәын 41 849 –ҩык ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0