Аԥснытәи арҵаҩцәа рзы арҵаратә центрқәа аатит

© Sputnik Сария Кварацхелия Открытие педагогического образовательного центра
Открытие педагогического образовательного центра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа школқәа рырҵаҩцәа рҟазара иаздырҳар рылшоит ООН Ахәыҷтәы фонд иаанартыз арҵаратә центрқәа рҿы.

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны иахьаҵанакуа иаадыртит арҵаратә центрқәа ааба ҳәа аресурстә центр аӡыргараан илҳәеит ООН Ахәыҷтәы фонд арегионалтә офис ахада Лаила Омар Гад.

"Аԥсны иахьаҵанакуа арҵаратә центрқәа раартра иалнаршоит еиуеиԥшым атренингқәа рымҩаԥгара, аԥышәа аимдара, ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәара", — лҳәеит лара.

Аԥсуа школқәа рырҵаҩцәа рҟазара иаздырҳалар рылшоит ООН Ахәыҷтәы фонд иаанартыз арҵаратә центрқәа рҿы.

"Арҭ ацентрқәа рҟны арҵаҩцәа рыдагьы аҵаҩцәа иаԥырҵо еиуеиԥшым акружокқәа аус рулар алшоит", — лҳәеит Лаила Омар Гад.

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Гәарамиа иазгәеиҭеит ацентрқәа раартра хра ду аманы ишыҟоу.

Дара арҵаҩцәа ракәзаргьы даара гәахәарыла ирыдыркылеит ацентрқәа раартра.

"Сара англыз бызшәа сарҵаҩуп. Ибзианы еилыскаауеит иахьа ажәытә системала ахәыҷқәа аҵара дырҵара шыуадаҩу. Атренинг центрқәа рҟны ҳара иҳарҳәоит, иаҳдырбоит иахьатәи арҵаратә процесс шымҩаԥгатәу", — лҳәоит Аҟәатәи ашкол № 1 арҵаҩы Татиана Адаменко.

Адаменко ишылҳәо ала иахьа аԥыжәара амоуп аинтерактивтә ҵара.

Ажәабжьқәа зегьы
0