АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik. Ақырҭуа ган азыхиоуп Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анагӡара иҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Давид Дондуа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Уаанӡа агазеҭ "Коммерсант" адырра ҟанаҵахьан изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны акраамҭа иззыԥшыз, Қырҭтәыла, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, США аус здырулоз амч ахамырхәараз адекларациа адкылара мҩаԥысыр алшоит ҳәа.
Аҭыжьымҭа аинформациала Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин агәыӷра ааирԥшуеит амч ахамырхәаразы аҳәамҭа ҟаҵахап ҳәа. Адипломат иажәақәа рыла адкылара иазырхиоу ҿырҳәалатәи адекларациа аҟны Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыстатус иалацәажәом.
"Ҳара хықәкыс иҳамоу, уаанӡа иалыршамыз, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны 2008 шықәсазтәи амч ахамырхәареи аимак аҭышәныртәалареи рзы аиқәшаҳаҭра иныҭкааны алацәажәареи аус адулареи роуп. Ҳара ҳзы акраҵанакуаны иҟоуп амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра ахәбатәи апункт инақәыршәаны ашәарҭадараз жәларбжьаратәи амеханизм аԥҵара" — иҳәеит Дондуа.
Ҳара иаҳхықәку аимак ҭынчымҩала аҭыԥ ақәҵароуп. Апроцесс хра аманы имҩаԥысыр, ԥхьаҟагьы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат аполитикатә ҩаӡара ҳаракы анаҭоит, иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин.
Адокумент алацәажәара акыршықәса ҵуеит имҩаԥысуеижьҭеи.
Москва, Цхинвал, Аҟәа Қарҭ ааԥхьара арҭоит амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы, аха Қырҭтәыла уи аҭакԥхықәра Урыстәыла аҵагылароуп ҳәа иашьоит.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аиқәшаҳаҭра зыбжьазҵаша Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи роуп ҳәа иршьоит, избанзар Урыстәыла аимак иаганы иҟам.