АҞӘА, хәажәкыра 21 — Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иубилеи идиныҳәалеит.
"Урыстәыла ахә ҳаракны иршьоит ҳтәылақәа рыбжьара иҟоу аиҩызаратәи аусуратәи еизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы шәлагала ду. Сақәгәыӷуеит ԥхьаҟатәи хра змоу аусеицура", — ҳәа аҳәоит Аԥсны Ахада иофициалтә саит аҟны икьыԥхьу адныҳәаларатә шәҟәы.
Урыстәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба изеиӷьеишьеит агәабзиара зҩыда, анасыԥ, аманшәалара, аҳәынҭқарратә усураҟны ақәҿиарақәа.
Рауль Ҳаџьымба диит хәажәкыра 21 1958 шықәса рзы, Тҟәарчал. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зиндырратә факультет доушьҭымҭоуп. Аус иуан еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҟны.
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Ахадас далхуп 2014 шықәса рзы.