Хымз рыҩныҵҟа аполисқәа рыҭарҭа ҭыԥқәа аадыртуеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОформление полисов ОСАГО и КАСКО в Казани
Оформление полисов ОСАГО и КАСКО в Казани - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла АҶА аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Владлен Аксенов адҵа ҟаиҵеит Кемеровтәи аобласт ахь инашьҭу афедералтә ԥарақәа иҭахази ааха заузи рҭаацәа рызшәара иалагарц амш ахы аҵыхәала.

АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи урыстәылатәи иколлегацәеи абрифинг аҟны ареспубликаҿы амедицинатә ԥгаԥса аполисқәа рыҭара ишазыхиоу атәы еиҭаҳәо иазгәарҭеит аполисқәа рыҭарҭы ҭыԥқәа хымз рыҩныҵҟа ишазырхиахо.

Полис ОМС, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса аполисқәа лассы рыҭара иалагоит

Амедицинатә полисқәа рыҭарҭа ҭыԥқәак азҳархиахьеит иҳәеит аминистр.

"Иаанхаз рҟны аиҭашьақәыргыларатәи аремонттәи усурақәа цоит. Иааиуа ахымчыбжьа рыҩныҵҟа ихыркәшахап ҳәа ҳақәгәыӷуеит аусурақәа", — иҳәеит иара.

Абри ашьҭахь адокументқәа рыдкылареи аполисқәа рыҭареи ирылагоит.

Уи адагьы аминистр иажәақәа рыла иазырхиоуп Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи Краснодартәи атәылаҿацә Агәабзиарахьчара аминистрреи рыбжьара анапы зҵаҩхо Аиқәшаҳаҭра. Иара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазырхиоуп хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса аларҵәара амеханизм.

"Ҷыдала ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы иаԥҵоуп акомиссиа. Иара иалнакаауеит ацхыраара зҭаху апациентцәа", — иҳәеит иара.

Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Анатоли Гулин иазгәеиҭеит аԥсуа ган аиқәшаҳаҭра анагӡаразы активла аус ауеит ҳәа.

"Ҳара иахьа ҳрыҿцәажәеит араионтә хәышәтәырҭақәа рнапхгаҩцәа, аполисқәа рырҭараны иахьыҟоу аҭыԥқәа рҭагылазаашьа аабеит. Планла аусурақәа нагӡахароуп хымз рыҩныҵҟа. Аха ҳара ишаабо ала еиҳа ирццакны ихыркәшахап ҳәа уҳәартә иаабоит", — иҳәеит Гулин.

Мшаԥымза анҵәамҭанӡа урҭ аҭыԥқәа рҿы иахәҭаны иҟоу амыругақәа ықәыргылахоит.

Полис ОМС, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Амедицинатә ԥгаԥса апрограмма хә-миллионк рҟынӡа азоужьуп

Аԥсны ахы аҵыхәа иаартхоит аполисқәа ахьрырҭо аҭыԥқәа быжьба.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҵакыраҿ инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса рыҭараз рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра аратификациа арҭеит 2017 шықәса жьҭаара 16 рзы.

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла аполис рыҭахоит 190 000-ҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра, 14 шықәса рҟынӡа зхымҵуа ахәыҷқәа аламҵакәа.

Аполисқәа Урыстәыла иахьаҵанакуа зегьы азинмчра рымоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0