АҞӘА, хәажәкыра 29— Sputnik. Қырҭтәыла "Аоккупациа зызуу аҵакырадгьылқәа рзы" азакәан аԥыхны хаҭала Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыҿцәажәара иалагароуп ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Изаамҭанытәиу женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан 2018 шықәса хәажәкыра 27-28 рзы.
Қарҭаа, женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы иззыԥшыз амч ахамырхәараз адокумент анапаҵҩра мап ацәыркит. Абас ала Москва, Цхинвал, Аҟәа изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан Қарҭаа рахь иҟарҵаз ааԥхьара лҵшәадахеит. Қарҭаа адокумент рнапы аҵарыҩуам Аганқәа "адокумент аҵакы еиуеиԥшымкәа иахьеилыркаауа азы" ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.
"Атекст аганахь ала ҳазнеишьақәа еиуеиԥшым. Ҳәарада зегьы астатус ахь ауп ҳахькылырго", — иҳәеит Карасин.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны амч ахамырхәараз ҿырҳәалатәи аицҳәамҭа ҟалап ҳәа иазыԥшын.
2018 шықәса хәажәкыра 21 рзы ақырҭуа Ган аҳәамҭа ҟанаҵеит амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра алацәажәара ишазыхио азы.
Уаанӡа агазеҭ "Коммерсант" аҳәамҭа ҟанаҵахьан акраамҭа иззыԥшыз аицҳәамҭа азырхиара иаҿуп ҳәа.
"Қырҭтәыла агәылара ҳәынҭқаррақәеи иареи еинмырыр ада ԥсыхәа шыҟам иазкылсыр бзиан. Уи ацынхәрас дара ирылшо ҟарҵоит арҭ атәылақәа жәларбжьаратәи аҭахкаара роурц азы. Зегьы иреиӷьу Қырҭтәыла "Аоккупациа зызуу аҵакырадгьылқәа рзы" азакәан аԥыхны хаҭала Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыҿцәажәара иалагароуп, Урыстәыла аламырхәыкәа", — ҳәа аҳәамҭаҿ иазгәанаҭеит Урыстәыла ААР.
Қырҭтәыла акәзар, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи 2008 шықәса рышьҭахь аоккупациа зызуу Қырҭтәыла ахәҭакқәа ҳәа ирыхәаԥшуеит.
Амч ахамырхәаразы аҳәамҭа Женева имҩаԥысуа аилацәажәарақәа ирызҵаара хаданы ишыҟац иаанхоит.