Акәашаратә ансамбль "Адац" афестиваль аҿы аиааира агеит

© Фото : предоставлено Мадиной КвицинияДетский ансамбль "Адац" на фестивале в Нальчике
Детский ансамбль Адац на фестивале в Нальчике - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
V Жәларбжьаратәи авокал-хореографиатә фестиваль "Подкова счастья" мҩаԥысит Ҟабарда-Балкариа аҳҭнықалақь Нальчик, хәажәкыра 23 - 25 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik. Ахәыҷтәы жәлар рыкәашара ансамбль "Адац" актәи аҭыԥ ааннакылеит V Жәларбжьаратәи авокал-хореографиатә фестиваль "Подкова счастья" аҟны.

"Афестиваль иалахәын Урыстәыла арегионқәа жәпакы рҟынтәи аҿар. Ахореографиатә ансамбльқәа рацәан, ҳара ҳтәқәа зегь раасҭа қәрала еиҵан. Ҳакәашацәа 8-10 шықәса роуп ирхыҵуа. Зегь иреиҳабу 11-шықәса ихыҵуеит", — лҳәеит ансамбль амузыкант, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Наҭелла Бигәааԥҳа.

Лара лажәақәа рыла афестиваль аныҳәатә ҟазшьа аҭаны имҩаԥган, еиуеиԥшым ацәанырра ҳаракқәа цәырнагон.

"Ахәаԥшцәа гәахәарыла ирыдыркылеит ҳхәыҷқәа. Ажиури алахәылацәа иалыркааит "Адац" инанагӡаз анхацәа рыкәашара. Ахәаԥшцәагьы уи ргәаԥханы ирыдыркылеит. Хәажәкыра 25 рзы имҩаԥысуаз гала-концерт аҿгьы иароуп инаҳагӡаз. Актәи аҭыԥ аанаҳкылеит", — лҳәеит Бигәааԥҳа.

2018 шықәса рзы Нальчиктәи афестиваль раԥхьатәи ареспубликанҭыҵтә қәгылароуп "Адац" акәашацәа рзы.

Аԥхынразы ансамбль алахәылацәа Ҟрымҟа анаԥхьара рымоуп, иазыԥхьагәаҭоуп "Артек" рықәгылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0