Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниа: амцакраан ауаҩы ииашан ихымԥгашьа иԥсҭазаара еиқәнархоит

© Sputnik / Томас ТхайцукКвициния Тимур
Квициния Тимур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахыбра амцакраан иара уаҟа аус зуа рхымҩаԥгашьа акырӡа аҵанакуеит, анаҩс ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиқәырхаразы иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны аҭагылазаашьа ҷыдақәа аминистрра абылрачацәыхьчаразы Аҟәа ақалақьи араиони рҿы иаԥҵоу аҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа.

"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҭемыр Кәыҵниа абылрачацәыхьчара иазкны
"Шықәсык аҩныҵҟа знык-ҩынтә ҳусбарҭа иаҵанакуа ашколқәеи, ахәыҷбаҳчақәеи, аԥсшьарҭаҩнқәеи рҿы абылрачацәыхьчаразы аилыркаатә усмҩаԥгатәқәа имҩаԥаагоит. Убыс иҳаҩсыз ашықәс азы аԥшьбатәи ашкол аҿы ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи алархәны абылрачацәыхьчаратә ԥҟаррақәа рзеиҭаҳхәеит, урҭ ишрықәныҟәатәу деилҳаркааит. Амцакраан ахыбра аузуҩцәа рхымҩаԥгашьа акыр аҵанакуеит, дара рыбзоурала ауаа рыԥсы аиқәырхара алыршахоит", — иҳәеит Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0