Леонид Ӡаԥшьба: ҳаиҳабацәа абџьар аныҟәгашьеи ахыхьчашьеи рдыруан

© Sputnik Охота на перепела
Охота на перепела - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изакәанымкәа абџьар ахархәара азҵаара адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны иалацәажәеит амилициа аинрал-леитинант амчратә усбарҭақәа рымадаразы Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Леонид Ӡаԥшьбеи, аибашьра аветеран, Агәымшәаразы амедал занашьоу, ажурналист Емма Хәаџьааԥҳа.

АҞӘА, мшаԥы 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҳара ҳаиҳабыратә беиԥара абџьар еснагь ирыман, уи иалаҽырбон, аха аныҟәгашьагьы ахыхьчашьагьы рдыруан, иҳәеит амчратә усбарҭақәа рымадаразы Аԥсны Ахада иабжьгаҩ Леонид Ӡаԥшьба.

"Абџьар ҳабацәа, ҳабдуцәа еснагь иныҟәыргон, уи ауаа ирылхтәуп, аныҟәгара ҟалаӡом ҳа аԥсыуа хаҵак иҳәоит ҳа сгәы иаанагом аус ахьиуазаалакгьы. Аԥсыуа хаҵак иаҳасаб ала исҳәарц сҭахуп ауаа абџьар рылаҳхуеит ҳәа ҳалагар баша ҳхы аџьабаа аҳарбоит, уи ҟаҵашьа амаӡам, иагьиашаӡам", — азгәеиҭеит уи.

Убри аан уи иҳәеит ацәгьоурақәа злаҟарҵо абџьар ашәҟәы иҭагалам рыла шакәу.

"Абџьар ашәы аҭаҩра аҭахуп, аха изхароугьы изхарамгьы ҳрылаланы абџьар рымхра ҳалагар иашам. Адунеи аҟны иҟоу аҭагылазаашьа излаҳнарбо ала, абџьар ашәҟәы иҭагаланы измоу иҭыганы аҟәҟәаҳәа дхысуа, ацгьоурақәа ҟаиҵо иахьыҟоу даара имаҷуп", — ҳәа инаҵшьны иҳәеит Ӡаԥшьба.

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Аԥсны абџьар ишақәнагам ахархәара иазкны

2017 шықәса рзы 94 цәгьоура ҟалеит абџьар ахархәарала, уби ахыԥхьаӡара аҟнытә иҭаҩыз абџьар ала цәгьоуракгьы ҟамлеит, иҳәеит иара.

Ажурналист Емма Хәаџьааԥҳа лгәаанагарала, иқәгылоу азҵаара еиуеиԥшым ахәҭақәа амоуп.

"Ус ирмарианы ауаа абџьар рылгатәуп, мамзаргьы ауаа абџьар рызныжьтәуп ҳәа иаразнак аӡбара цәгьазар ҟалап. Сара сгәанала иахьа акриминагентә ҭагылазаашьа ахьыуадаҩхаз, ажәлар абџьар ааҭыган аҟәҟәаҳәа инеигәыдҵан еибашьуа иахьыҟалаз зхароу ауаа абџьар ахьрымоу ауп ҳәа сызҳәаӡом. Избанзар абџьар аԥсуаа еснагь ирыман, сара схәыҷын исгәалашәоит санду ишысзеиҭалҳәоз сабду аҟама, аҳәа, акьарахә, саб иман ашәарыцаратә шәақь. Аха ҳхәыҷаахыс убас ҳрааӡон, иаҳдыруан ахәыҷқәа алакьысыр шыҟамло", — лҳәеит лара.

Емма Хәаџьааԥҳа иазгәалҭеит ажәытәан аԥсуа абџьар пату шизақәыз ишабалак ихы ишаимырхәоз.

"Сара сгәанала аҳәынҭқарраҿы амчра анԥсыҽхо, иҵасым, иахәҭам, иҟаҵатәым азы иахәҭоу ианақәмыршәахо ауаҩы иакәым импыҵҟьо далагоит", — ацылҵеит уи.

Емма Хәаџьааԥҳа лгәаанагарала, ауаажәлар азакәан ишыхьчо анырдыруа абџьар иазгаганы иҟалаӡом. Акриминагентә ҭагылазаашьа аҭыԥ ақәҵаразы азакәан иахьынӡахәҭоу аус ауазар ауп, ҳәа азылыӡбоит Хәаџьааԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0