"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҳашԥҳа Шачатәи ашьапылампыл азы ахәыҷтәы турнир иазкны
"Ҳазцыхәмаруаз акомандақәа даара иӷәӷәан. Ҳара ҳкомандаҿы ааҩык ахәыҷқәа ыҟан, дара ҽыԥсахрада ихәмаруан, иааԥсеит. Атурнир ахь Аԥснынтә ицаз рхыԥхьаӡара маҷын аҟнытә, рҽыраԥсахыртә еиԥш аҭагылазаашьа рымамызт, егьырҭ Урыстәылатәи акомандақәа ракәзар, ес-ааминуҭк рыхәмарыҩцәа рыԥсахуан. Алыҵшәагьы уи ауп изыбзоурахаз. Ааҩык ахәыҷқәа рыла ахԥатәии, аԥшьбатәии аҭыԥ ахьаанаҳкылаз уи даара ибзиоуп. Иара атурнир зынӡа иалахәын ҩажәа команда", — лҳәеит Ҳашԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.