Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳашԥҳа: ахәыҷы ибызшәала иацәажәара ҳамч ақәымхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукИнна Хашба
Инна Хашба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 2 рзы адунеиаҿ иазгәарҭоит ахәыҷтәы литература Жәларбжьаратәи амш. Изеиԥшроузеи ҳтәылаҿы ахәыҷтәы литература аҭагылазаашьа? иҟоума аԥсышәала ицәажәо ашәыҟәқәа? Абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны далацәажәеит апоетесса, ахәыҷтәы журнал "Амцабз" аредактор хада Инна Ҳашԥҳа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҳашԥҳа ахәыҷтәы литература иазкны

"Ахәыҷтәы ҩымҭа аԥҵара акырӡа иуадаҩуп, егьырҭ асахьаркыратә литература ажанрқәа раасҭа. Ахәыҷы идунеи убыс еиласоуп, аԥсабареи иареи даара еизааигәоуп. Ахәыҷы идунеи ашьақәыргылараҿы иара идыикылашьа ажәа аҳәара адуцәа макьана ирзеилымкаац. Иахьа ҳара ҳамч ақәымхеит ахәыҷы ибызшәала иацәажәара. Ахәыҷқәа ирласны аамҭа иаԥыҩлоит, урҭ уҩны урышьҭазаргьы, урыхьӡом. Сгәы иалоуп ҳбызшәа иахьынӡахәҭаз аус хьаҳзамаруз, уи ауп ҳхәыҷқәа ишьҭарҵатә еиԥш изыҟалазгьы", —  лҳәеит Ҳашԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0