Аԥсни Урыстәылеи рырратә мчрақәа аицҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит

© Sputnik / Томас ТхайцукТренировка снайперов Южного военного округа
Тренировка снайперов Южного военного округа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рырратә мчрақәа аицҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит мшаԥы 2- 15 рзы Аԥсны.

АҞӘА, мшаԥы 3— Sputnik. Урыстәыла арратә мчрақәа 49-тәи рзеиԥш ари Аԥсны арратә мчрақәеи аицҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит мшаԥы 2- 15 рзы Аԥсны ҳәа аанацҳаит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Российские военнослужащие ЮВО в Абхазии на черноморском побережье сдали квартальную проверку по физической подготовке - Sputnik Аҧсны
Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа рбаҩрҵәыратә зыҟаҵарақәа зеиԥшроу гәарҭон

"Урыстәыла арратә мчрақәа 49-тәи рзеиԥш ари Аԥсны арратә мчрақәеи аицҽазыҟаҵара мҩаԥыргоит мшаԥы 2- 15 рзы Аԥсны. Аиҽцазыҟаҵарақәа "Аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы" Аиқәшаҳаҭра азҵаарақәа ирыхәҭакуп", — ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭара.

Аусбарҭа ишаҳәо ала аԥснытәи аганахь ала ауснагӡатә иалахәхоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аоперативтә гәыԥқәа, Ашәарҭадаратә маҵзуреи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи русзуҩцәа. Аицҽазыҟаҵарақәа раан аус адулахоит еиуеиԥшым аштабқәа русеицушьа.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын абҵара 24 2014 шықәса рзы.

Адокумент иазыԥхьагәанаҭоит аԥсуа ар рмодернизациа.

Ажәабжьқәа зегьы
0