АҞӘА, мшаԥы 3 — Sputnik. 20-кьыла иҟаз агаз баллон ԥжәеит ашәахьаҽны, Еревантәи аресторан Burger King аҿы. Ааҩык ауааԥсыра аахақәа роуит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аахақәа зауз рҟынтәи хҩык Ермантәыла иатәылауаауп, хҩык Урыстәыла иатәылауаауп, аӡәы Иран датәылауаҩуп. Ахәышәтәырҭахь инаго аашықәса зхыҵуа аӡӷаб хәыҷы дԥырҟеит. Ахҭыс азы АҶА адырра аиуит мшаԥы 2 асааҭ 19.44 рзы. Уахь инеиит аиқәырхаҩцәа, аопергәыԥ, аԥсихологцәа. Аԥхьатәи адыррақәа рыла быжьҩык ааха роуит ҳәоуп ишҳәаз.
АҶА иакьыԥхьыз адыррақәа рыла ааха зауз рхыԥхьаӡара быжьҩык ыҟоуп.
Ермантәыла аусҭҵааратә Еилакы ахада иабжьгаҩ Сона Трузиан аҳәамҭа ҟалҵеит аԥжәара иҟалаз инадҳәаланы ашьаусҭҵаара хацыркуп ҳәа.
Аекспертиза аусура мҩаԥнагоит.