Оқҭаи Ҷкотуа: аԥхьаҟагьы ашколқәа ацхыраара рыҭара ҳазыхиоуп

© Фото : предоставлено: Сырмой АшубаОчамчыратәи, Калдахәаратәи, Аҟәатәи ашкол интернатқәа цәарҭамаҭәала еиқәыршәоу
Очамчыратәи, Калдахәаратәи, Аҟәатәи ашкол интернатқәа цәарҭамаҭәала еиқәыршәоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыратәи, Калдахәаратәи, Аҟәатәи ашкол интернатқәа цәарҭамаҭәала еиқәыршәоуп.

АҞӘА, мшаԥы 3, Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Аҵарадырра аҳәаақәа ирҭагӡаны, "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсни", Ҭырқәтәыла иҟоу ҳдиаспореи рыбзоурала, иахьа, Аԥсны иҟоу ашкол интернатқәа ирызшан аҳамҭақәа.

Очамчыратәи, Аҟәатәи, Калдахәаратәи ашкол интернатқәа рҿы аҵара зҵо аҵаҩцәа рзы 500 цыра ацәарҭамаҭәа ааган Ҭырқәтәылантәи. Изныкымкәа ас еиԥш иҟоу агәыҳаларатә цхыраара аадырԥшхьеит ҳдисапора.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ҷыдала иазнеиуеит аҵарадырра, акультура иадҳәалоу азҵаарақәа. Абри аус аҟны ацхыраара ҟарҵоит аҳәаанырцә инхо ҳдиаспорагьы. Диузџьатәи аԥсуа культуратә хеидкыла аиҳабы Илҳан Кәаӡба иҩызцәеи иареи изныкымкәа ас еиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа ирхаҵгылахьеит", — ҳәа азгәеиҭеит афонд ахаҭарнак Оқҭаи Ҷкотуа.

© Фото : предоставлено: Сырмой АшубаОчамчыратәи, Калдахәаратәи, Аҟәатәи ашкол интернатқәа цәарҭамаҭәала еиқәыршәоу
Очамчыратәи, Калдахәаратәи, Аҟәатәи ашкол интернатқәа цәарҭамаҭәала еиқәыршәоу - Sputnik Аҧсны
Очамчыратәи, Калдахәаратәи, Аҟәатәи ашкол интернатқәа цәарҭамаҭәала еиқәыршәоу

Аԥсны аҵара аминистрра гәцаракрыла иазнеиуеит ашкол интернатқәа рҭагылазаашьа. Ишдыру еиԥш, уаҟа аҵара зҵо аҵаҩцәа уахгьы-ҽынгьы раамҭа уаҟа ирхыргоит. Хымԥада, ахәыҷқәа рышколтә ԥстазаара иақәшәо аҭагылазаашьа рзаԥҵазароуп ҳәа азырыԥхьаӡоит аинтернат аиҳабацәа.

"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа лассы-лассы ҳашкол иадҵаалоит, иҳагу-иҳабзоу еилыркаауеит. Ҳҭахрақәа инарықәыршәаны адгылара ҳарҭоит. Даара игәахәа дууп ахәыҷқәеи, ааӡаҩцәеи, арҵаҩцәеи ҳзы ас еиԥш иҟоу ацхыраара", — ҳәа азгәалҭеит Очамчыратәи ашкол интернат аиҳабы Лора Миқаиаԥҳа.

Аԥхьаҟагьы иазгәаҭоуп ашкол интернатқәа ацхыраара рыҭара. Иаҳҳәозар, ахәыҷқәа рымаҭәақәа ахьҭакнарҳауа амаҭәахәқәа рыла реиқәыршәара.

© Фото : предоставлено: Сырмой АшубаОчамчыратәи, Калдахәаратәи, Аҟәатәи ашкол интернатқәа цәарҭамаҭәала еиқәыршәоу
Очамчыратәи, Калдахәаратәи, Аҟәатәи ашкол интернатқәа  цәарҭамаҭәала еиқәыршәоу - Sputnik Аҧсны
Очамчыратәи, Калдахәаратәи, Аҟәатәи ашкол интернатқәа цәарҭамаҭәала еиқәыршәоу
Ажәабжьқәа зегьы
0