Амармалташь пты ишаҿагылатәу азы ардырратә бӷьыцқәа ауаа ирыларҵәахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция с представителями карантинной службы по вопросу борьбы и запрета ввоза растительной продукции из Абхазии в Россию
Пресс-конференция с представителями карантинной службы по вопросу борьбы и запрета ввоза растительной продукции из Абхазии в Россию - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба Sputnik Аԥсны аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы еиҭеиҳәеит амармалташь пты иаҿагыланы аусмҩаԥгатәқәа шынагӡатәу ртәы.

АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ақыҭанхамҩа аминистрреи аҵиаақәа рыхьчаразы Аҳәынҭқарратә маҵзуреи 10 000 рдырратә бӷьыц ркьыԥхьит. Абӷьыцқәа ирныԥшуеит апты аҿагыларатә хкқәа зегьы иҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба Sputnik Аԥсны аҿы имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы.

"Абӷьыцқәа араионқәа рахь инаҳашьҭуеит ауаа ирзеихыршарц. Абӷьыцқәа ирныԥшуеит аинформациа иарбан маҭәашьарқәоу ухы иаурхәар ауа азы", — иҳәеит аминистр.

Амармалташь пты ақәгаразы ауаа рхатә аԥшьагарақәагьы рхы иадырхәоит иҳәеит Ҭарба.

Сбор клубники - Sputnik Аҧсны
Ҭарба: апты асеиԥш аҿагылара хра аманы иҟам

"Хәымш рыҩныҵҟа еизган 410 кьылак апты. Қыҭақәак рҟны апты еизганы ирбылуеит. Ҳалала иаабеит қыҭак аҿы ҩ-сакьк рҟынӡа апты еизганы аҭыԥ аҿы ишырыблыз", — иҳәеит иара.

Ҭарба афермерцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит рхатәы мчқәа рыла апроблема аҭыԥ ақәҵарагьы еиҿыркаарц. Дасу илшо ҟаиҵароуп, иҳәеит Ҭарба. Урыстәылатәи ҳколлегацәа Аԥсны рыҟазаараан ирбеит аҽа ԥырхагаӡаҵаҩыкгьы иҳәеит аминистр.

"Акартош аҩ ҳәа изышьҭоу амаҵа рбеит. Уигьы акарантин иаобиекту акоуп", — иҳәеит иара.

Ҭарба иажәақәа рыла мшаԥы 4 рзы Аԥсныҟа иаауеит Урыстәылантәи ақыҭанхамҩа аусзуҩцәа, ареспублика араионқәа рахь инеины аҭагылазаашьа ҭырҵаарц.

"Иҳалшо акы агаҳмыжьроуп аԥсабаратә рыцҳара ҭышәынтәаларц", — иҳәеит иара.

Аҵарауаа ргәаанагарала амармалташь пты ахыҵәаны иҟоуп 200 000 гектар иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҟны.

Ақыҭанхамҩа аминистр иҳәеит Урыстәылантәи ишазыԥшу ацхыраара.

"Иааргараны иҟоуп 500 миллион мааҭ рҟынӡа зыртәо ахәшәқәа реиԥш ахәшәқәҭәагақәагьы", — иҳәеит Ҭарба.

Аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Аркади Џьинџьиа иазгәеиҭеит Урыстәыла иаднакылаз, ақыҭанхамҩа аалыҵ аҳәаа ахыгара аԥкразы ауснагӡатә аԥыххоит ареспубликаҿы амармалташь пты аганахь ала аҭагылазаашьа шааҭышәынтәалалак ҳәа.

"Ареспубликаҿ иҟоу арԥхарҭатә нхамҩақәа аԥхасҭа рмоурц абри азҵаара аус адулара ҳаҿуп" — иҳәеит аҵиаақәа ркарантин азы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Аркади Џьинџьиа.

Клоп коричневый мраморный щитник (Halyomorpha halys) - Sputnik Аҧсны
Апты анырҵәаразы ахәшәқәа Аԥсныҟа иаагоуп

Россельхознадзор, мшаԥы 2 инаркны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аҵиаа-аалыҵ аиагара ԥнакит аамҭала.

Хәажәкыра 30 рзы Россельхознадзор ахаҭарнак Иулиа Мелано Sputnik аинтервиу аҭо илҳәеит Аԥсны аҵакырахь амармалташь пты аара диверсиазар ҟалоит ҳәа. Уи зыхҟьо Қырҭтәыла аус зуа абиологиатә лабораториа аусура акәзар ауеит ҳәа агәаанагара лымоуп лара.

Хәажәкыра 31 инаркны Қырҭтәылантәи аҵиаа-аалыҵ Аԥсныҟа аагара аанкылахоит амармалташь пты азҵаара ӡбахаанӡа.

Амармалташь пты иаҿагыланы ақәԥара хацыркуп ареспубликаҿы. Уи азы аферомонттә каҭақәа ҟарҵоит, уа еизнаго аптқәа ахимиа ахархәарала индырҵәоит.

Амшын еиқәа иаԥну атәылақәа рҿы апты цәырҵит ԥшьышықәса раԥхьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0