Абызшәатә политиказы Аилак ахантәаҩ ҿыц далхуп

© SputnikБатал Хагуш
Батал Хагуш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Иусԥҟала Баҭал Ҳагәышь Аԥсны абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы аиҳабыс дҟаҵоуп.

АҞӘА, мшаԥы 6 — Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусԥҟала Баҭал Ҳагәышь Аԥсны абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩыс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит Ахада иофициалтә саит.

"Аԥсны абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ломиа Нурбеи Валико-иԥа ирзаҳал инақәыршәаны инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәызааит", — ҳәа аҳәоит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусԥҟа.

Аԥсны Ахада Иусԥҟала Баҭал Ҳагәышь Аԥсны абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы аиҳабыс дҟаҵоуп.

Нурбеи Ломиа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп. 2003 – 2005шш. рзы аус иуан Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра акорреспондентс. 2003 ш. инаркны Д. Гәлиа ихьӡ зху АБИГИ аҟны аус иуан. Аԥсны абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә Еилакы анапхгара дахагылеит 2016 шықәса цәыббра 5 рзы.

Баҭал Ҳагәышь — Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет адекан, афилологиатә наукақәа ркандидат.

Ажәабжьқәа зегьы
0