00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
14:33
4 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Адует "АМ " аклип "Аԥсуа ԥҳәызба хцәеиларҳә" ҭнажьит

© Фото : Screenshot: Adekvatnoe MnenieКадр из клипа "Кудрявая абхазка"
Кадр из клипа Кудрявая абхазка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аклип "Аԥсуа ԥҳәызба хцәеиларҳә" ("Кудрявая Абхазка") аӡыргара мҩаԥысит мшаԥы 2 рзы. Уи ашьҭахь YouTube аҟны 8000-ҩык рҟынӡа ахәаԥшит, Fackebook аҿы – 10 000-ҩык.

АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Адует "Адекватное Мнение" амузыкантцәа Абел Миносиани Адамыр Аҩардани рклип "Аԥсуа ԥҳәызба хцәеиларҳә" ("Кудрявая Абхазка") аӡыргара мҩаԥысит мшаԥы 2 рзы. Уи ашьҭахь YouTube аҟны 8000-ҩык рҟынӡа ахәаԥшит, Fackebook аҿы – 10 000-ҩык.

Авторцәа ражәақәа рыла ашәа анаԥырҵоз ирҭахын амилаҭ калорит аларҵәара.

"Иаҳҭахын ҳаамҭазтәи амузыка Кавказтәи аинтонациа аҭара, амилаҭ цәа аҟәынҵара", — иҳәеит авокалист Абел Миносиан.

Абел Миносиан Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа 4 акурс аҟны аҵара иҵоит. Адамыр Аҩардан Аԥсны жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи рансамбль дасолиступ.

"Еиуеиԥшым аҭыԥҳацәа ашәақәа рзыркуеит. Ҳара иаҳҭаххеит аԥҳәызба хцәеиларҳә ашәа лзаҳкырц", — иҳәеит иара.

Аклип ҭихит арежиссер Диониси Кочкониан.

"Асценари зегьы еицааҩуан. Ахәыҷы изы алакә аиҭаҳәара атәы Адамыр ихәыцит. Маҷк алакә ҟазшьа аҭара ҳҭаххеит. Аклип далахәуп акультуратә фонд "L-star" амодель Анисиа Қаԥшьԥҳа, Олесиа Габлиаԥҳа (аклип аперсонаж хада) — ансамбль "Кавказ" акәашаҩ. Амассовка иалахәуп акәашаҩцәа", — ҳәа еиҭеиҳәоит Абел Миносиан.

Аҭыхрақәа мҩаԥысуан Баграт ишьхаҿ, Анаҟәаԥиатәи абааш аҟны, Баслатәи ацҳаҿ, Мысра аԥшаҳәаҿы.

"Ҳара ҳҽазаҳшәеит аклип ала Аԥсны акультура ауаа рыларҵәара", — иҳәеит Адамыр Аҩардан.

Аклип "Аԥсуа ԥҳәызба хцәеиларҳә" ("Кудрявая Абхазка") аӡыргара мҩаԥысит мшаԥы 2 рзы. Уи ашьҭахь иутиуб аҟны 8000-ҩык рҟынӡа ахәаԥшит, Феисбук аҿы – 10 000-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0