Аԥснынтәи ақыҭанхамҩа-аалыҵ аҳәаа ахыгара хацыркхоит мшаԥы 10 инаркны

© Sputnik / Томас ТхайцукФрукты и овощи на Сухумском рынке.
Фрукты и овощи на Сухумском рынке. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәса мшаԥы 5 рзы Урыстәыла Ақыҭанхамҩа аминистрраҟны имҩаԥысит Урыстәыла Ақыҭанхамҩа аминистр Александр Ткачев хантәаҩра ззиуаз аилацәажәара. Аилацәажәара азкын Аԥснытәи аимпорт-аалыҵ афитосанитартә хылаԥшра азҵаара.

АҞӘА, мшаԥы 6 — Sputnik. Урыстәылаҟа Аԥснынтәи ақыҭанхамҩа-аалыҵ, ашәҭқәа, ашәыр ралагалара хацыркхоит мшаԥы 10 инаркны. Аалыҵ аиагара мҩаԥыслоит Урыстәыла ақыҭанхамҩатә хылаԥшратә усбарҭа ахылаԥшрала. Абри атәы аҳәоит Урыстәыла Ақыҭанхамҩа аминистрра асаит.

2018 шықәса мшаԥы 5 рзы Урыстәыла Ақыҭанхамҩа аминистрраҟны имҩаԥысит Урыстәыла Ақыҭанхамҩа аминистр Александр Ткачев хантәара ззиуаз аилацәажәара. Аилацәажәара азкын Аԥснытәи аимпорт-аалыҵ афитосанитартә хылаԥшра азҵаара.

"Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла ишьақәыргылоуп иҟаҵоу аусура иахьырԥшны Урыстәылаҟа Аԥснынтәи ақыҭанхамҩа-аалыҵ, ашәҭқәа, ашәыр ралагалара хацыркхоит мшаԥы 10 инаркны ҳәа. Аалыҵ аиагара мҩаԥыслоит Урыстәыла ақыҭанхамҩатә хылаԥшратә усбарҭа ахылаԥшрала", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Урыстәыла ақыҭанхамҩатә хылаԥшратә усбарҭа мшаԥы 2 2018 шықәса инаркны амармалташь пты аламырҵәаразы Аԥснытәи ақыҭанхамҩа аалыҵ Урыстәыла аҵакыра алагалара ааныркылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0