Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба: ақәыргыламҭа "Аԥынҵатәыҩақәа" ҳчымазарақәа аанарԥшуеит

© Sputnik Анжелика Бения Художник Нодар Цвижба
Художник Нодар Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа драматә театр ақәыргыламҭа ҿыц "Аԥынҵатәыҩақәа" асахьаҭыхыҩ - ақәыргылаҩ Нодар Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәеиҭеит, аус зыдулара иаҿу апиеса аинтерес ду шаҵоу.
Ҵәыџьба: ақәыргыламҭа "Аԥынҵатәыҩақәа" ҳчымазарақәа аанарԥшуеит

"Сара убри аспектакль аус адызулонаҵы, сыҩныҵҟа ицәырҵуа иалагеит даҽа усумҭақәак. Са сгәаанагарала, ари ақәыргыламҭа, аԥсуаа ҳҭагылазаашьа,  ҳаҩныҵҟа иҟоу ачымазарақәа зегьы аанарԥшуеит. Даара аинтерес зҵо ауп. Иахьа, абыржәы, абра, имҩаԥысуа хтысуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Агәра ганы сыҟоуп ахәаԥшҩы иҟынӡа инаӡоит ҳәа", — иҳәеит Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0