АҞӘА, мшаԥы 16 — Sputnik. ООН иҟоу Британиа ахаҭарнак ҷыда Карен Пирс изаамҭанытәим ООН Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы иҳәеит шьамтәылатәи акризис аҭышәныртәалара зылшо: ахимиатә бџьар шьаҭанкыла ақәхреи женеватәи аиҿцәажәаратә процесс азыхынҳәреи роуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳара ҳгәаанагарала, актәи — ахимиатә бџьар азы шьамтәылатәи апрограмма аанкыланы иҟоу шьаҭанкыла иқәхтәуп. Аҩбатәи – аибашьра аанкылатәуп ООН Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциақәа инарықәыршәаны" — иҳәеит ООН иҟоу Британиа ахаҭарнак ҷыда Карен Пирс изаамҭанытәим ООН Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы.
Иара убасгьы Пирс иазиԥхьаӡоит женеватәи аиҿцәажәаратә процесс азыхынҳәреи ахимиатә бџьар ахархәаразы аҭакԥхықәра аҵагылареи хымԥадатәиуп ҳәа аҭынчра ашьақәыргыларазы.
ЕАШ (США), Британиа, Франциа асабша ашьыжь аракетақәа рыла Шьамтәыла аиҳабыратә хыбрақәа иреихсит. Асааҭ 3.42 инаркны асааҭ 5.10 рҟынӡа Шьамтәыла иалажьын 100 инарзынаԥшуа ракета.
Урыстәыла арратә мчрақәа аҭагылазаашьа рхы аларымгалеит. Урыстәыла Ахада Владимир Путин ахҭыс исуверентәу аҳәынҭқарра агрессиа азҭо хҭысуп ҳәа азиҳәеит.