Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарба Владимир Касланӡиа изкны: ԥсабарала дырҵаҩын

© SputnikИван Тарба
Иван Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абызшәаҭҵааҩ, аиҭагаҩ, зыԥсҭазаара зегьы астудентцәа рааӡареи аҵарыдырреи ирзызкыз, Владимир Касланӡиа иԥсы ҭазҭгьы мшаԥы 17 рзы ихыҵуазаарын 80 шықәса. Аԥсуа интеллигент ҳәа ззуҳәо иакәны дыҟан иҳәеит афилософиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Иван Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҭарба Владимир Касланӡиа изкны

"36 шықәса иареи сареи аус еицаауан. Арҵаҩрагьы иамоуп иара ахатә ҷыдара, арҵаҩрагьы злымҵуа дыҟоуп, аха иара ԥсҭазаарала дырҵаҩын, ԥсабарала дырҵаҩын. Ахаан астудент диқәҵәҟьомызт, аха иара изирҵоз зегьы реиҳа ирҵон. Алекциа даныҩнашылалак, зегьы ишьҭалан ицон, абас бзиа дырбон. Иара ианахәҭаз дхаан, ианахәҭаз дыџьбаран. Иара имаз агәаҩра даҽаӡәы игәырҩараны иҟаиҵаӡомызт. Аԥсуа интеллигент, аеталон ҳәа ӡәыр дыздыруазар – абри Владимир Касланӡиа иоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0