Дамир Булискериа ҳацхыраара иҭахуп

© Фото : предоставлено КБФ "Ашана"Дамир Булискерия
Дамир Булискерия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хышықәса зхыҵуа Дамир Булискериа имоу ачымазара ҷыда 400 000-ҩык рыбжьара аӡәы иоуа чымазароуп, ексрофиа клоаки ахьӡуп.

АҞӘА, мшаԥы 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" ихацнаркит Дамир Булискериа изы аԥареизгара. Ахәыҷы аоперациа изуразы 298 нызқь мааҭ аԥара аҭахны иҟоуп.

"Дамир фымз ихыҵуа диит, еиуеиԥшым акьылқәа иманы. Дани ашьҭахь, ахәбатәи амш аҽны Москваҟа ихәышәтәразы ддәықәҵан. Бжьымзи бжаки рыҩныҵҟа ахәыҷы аоперациақәа ԥшьба изыҟаҵан. Аха урҭ азхоны иҟам. Ирҳәарах аҽышьақәнартәаанӡа диит. Уажәыгьы ахьаа рацәа имоуп", — лҳәоит ахәыҷы ианду Лиудмила Илиасова.

Дамир Булискериа имоу ачымазара ҷыда 400 000-ҩык рыбжьара аӡәы иоуа чымазароуп, ексрофиа клоаки ахьӡуп.

Иааидкыланы хышықәса рыҩныҵҟа Дамир 14 операциа ирҳәарах аҿы, ирымӡкьапышҭаҿы, иӷраҿы изыҟарҵахьеит.

Мактина Джинджолия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Џьынџьалԥҳа: фышықәса ирылагӡаны 28-ҩык ахәыҷқәа ҳрыцхрааит

"Дамир ахәмарра, акәашара бзиа ибоит. Бзиа ибоит ихәмаргақәа рҭыԥқәа рҿы ианыҟоу", — лҳәоит анду.

Ахәыҷы еизҳа-зыӷьарыла иқәлацәа иаԥыргозаргьы хыла-хшыҩла акы дрыҵахом.

"Дааиизар, ахәшәқәа идикылоит, афатә еилихлар ауп, аӡыҵәҟьа иаабац ижәыр ҟалаӡом, иҵаазароуп", — лҳәоит анду.

Дамир уажәы Филатов ихьӡ зху аклиникаҿ дыҟоуп.

Ареспубликатә хәыҷтәы поликлиника аҳақьым хада Ада Абыхәԥҳа илҳәоит аԥхьаҵәҟьа данырба иарбанызаалак ԥеиԥшк иоуп ҳәа агәра шрызхамҵоз.

Уажәы иара изаамҭанытәиу аоперациа иҭахны дыҟоуп лҳәеит аҳақьым хада.

Дамир ицхыраара ауеит аномер 5050 ахь смс нашәышьҭыр. Иара убасгьы иҟалоит амаҵзура "Перенос баланса" – "Благотворительность" ала аԥара нашәышьҭыр. Уи азы илхтәуп *147* ииажәго аԥара ахыԥхьаӡара.

© Фото : предоставлено КБФ "Ашана"Дамир Булискерия
Дамир Булискерия  - Sputnik Аҧсны
Дамир Булискерия
Ажәабжьқәа зегьы
0