"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы абаҟақәа рыхьчаразы азҵаатәы иаҳа еиӷьхеит. 2016 шықәса рзы иаԥҵан аҳәынҭқарратә программа аҭоурыхтә-баҟақәа ринвентаризациа аиқәыршәара иазкны. Имаҷымкәа аусқәа ҟаҵан, зқьыла аобект ҿыц ҳрылсит, ҳаиҭарыхәаԥшит, уи моу аҭоурыхтә баҟа ҿыцқәа ԥшаахеит. Ус Гагра араионаҿ иаартын 100 инарзынаԥшуа архитектуратә баҟәақәа-ажәытә баақәа, еиуеиԥшым аргыларақәа, ахатәы ҩнқәа.
Азакәан аганахьала еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ҳамоуп. Абаҟақәа ахьыҟоу аҭыԥантәи аорганқәа ацхыраара ҳарҭалароуп. Аҩнқәа рҿы анхара азин рызҭо ашәҟәқәа анроуа ауааԥсыра идеилыркаатәуп рынхарҭа ҭыԥ аҭоурыхтә культуратә ҭынҳа ахь ишаҵанакуа. Уи аҭыԥаҿ анахаразы ахатә ԥҟаррақәа шамоу. Убри аганахьала макьана аусура ишахәҭоу еиԥш еиқәыршәам", — иҳәеит Џьопуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Џьопуа аҭоурыхтә баҟақәа ирызкны: араионтә усбарҭақәа ҳацхраароуп
13:46 18.04.2018 (ирҿыцуп: 13:48 18.04.2018)
© Sputnik / Илона ХварцкияИнал Джопуа
© Sputnik / Илона Хварцкия
Анапаҵаҩра
Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи аминистрра аспециалист Инал Џьопуа абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыпқәеи жәларбжьаратәи рымш аҽны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны далацәажәеит Аԥсны аҭоурыхтә аобектқәа рҭагылазаашьа.
"Хра злоу ахҭысқәа": Џьопуа Аԥсны аҭоурыхтә баҟақәа рыхьчара иазкны