Ашьамаҟа-ажәытәра иаго аҵас

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЗоиа Андарбуаԥҳа
Зоиа Андарбуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәытә-натә аахыс аԥсуаа ацәгьеи-абзиеи ирыдҳәалоу акәама-ҵамақәа ҷыдала ирызнеиуеит. Аԥсхәраҿы лассы-лассы иаабалон ашьамаҟа ҳәа изышьҭоу ацәашьду. Иара еиқәырҵон, идырмазеиуан уи иазҟазаз аҳәса. Урҭ дыруаӡәкуп Бзыԥҭа аҳаблан инхо Зоиа Андарбуаԥҳа-Барцыц. Ашьамаҟа ҵакыс иамоуи уи аҟаҵашьеи еилылкааит Саида Жьиԥҳа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

Ашьамаҟа еиҳараӡак агәлымҵәах иԥсхәра дуны ианыруа, изааигәаӡоу иҭынха лоуп иназго. Аха, иара аиқәҵашьа здыруа аԥҳәыс иналгар ауеит иахәҭаны иахылԥхьаӡо, агәлымҵәахи абырги ҳәа еилых  ҟамҵакәа.

Зоиа Андарбуаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, ашьамаҟа аҟаҵаразы иаҭаху амаругақәеи, амаҭәахәқәеи ртәы.

"Иҟоуп метрак, метраки бжаки, мамзаргьы ҩметрак рҟынӡа аура азҭо. Уи иагоит кьылаки бжаки инаркны ԥшькылак рҟынӡа ацәа цқьеи, 120-200 метра ацахеи. Шьаҭас иарҭоит иаадрыхоз аҩмсаг ахәҵәқәа, анкьа рхы иадырхәон аҟәыр", — лҳәоит Зоиа Шьрыф-иԥҳа.

Ашьамаҟа аибыҭара хәсааҭк инарзынаԥшуа аамҭа агоит.

Иара аура зеиԥшрахо еиԥш, ачуан аҟны ацәа дырӡыҭуеит. Метрак акәзар, кьылаки бжаки азхоит. Анаҩс шәметрак инеиҳаны ацаха, ацәа ахьшьны еикәдыршоит. Нас, ачуан иҭагылоу алабеимҿаԥа аӡәы иаанылкылоит, егьи ацаха бжьыганы илгоит.

Абарҭқәа зегь рышьҭахь, ашьамаҟа аиқәҵара далагоит азҟаза.

"Ацәа ибзианы еибакырцаз, амца аԥхьа снатәаны, аҩмсаг, ма ирссаны еивҵоу аҟәыр, ацаха ҟьаҟьа ацәа ахьшьны иакәсыршоит, анаҩс ацәа иӡаашьу ацаха еиқәысҵоит. Ашьамаҟа хәба-фба еихҵәарала еихасыргылоит, рыбжьара ахаргьежьқәа аҭаны. Аҵыхәтәаны, аҟәардә еиԥшны, хшьапык аҵаргыланы ашьамаҟа ықәдыргылоит, еибадыркуеит агәыцә ала", — ашьамаҟа аҟаҵашьа еиҭалҳәоит азҟаза.

Ашьамаҟа анымазеихалак арԥшӡара иалагоит. Агәлымҵәах иахь иргозар, аихҵәарақәа рыбжьара иҟоу ахаргьежьқәа ачаврақәеи аконфеҭқәеи бжьарҵон. Иҟан акалаҷкәыр хәыҷқәа шышны, ахаақәеи арԥшӡагақәеи ҭаҵаны ианкнарҳауаз.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАшьамаҟа
Ашьамаҟа-ажәытәра иаго аҵас - Sputnik Аҧсны
Ашьамаҟа

Зоиа Андарбуаԥҳа ашьамаҟа аиқәҵара лҵеит 12 шықәса анылхыҵуаз.

"Сан илыцкарыз аӡәы иԥсхәра лҽазыҟалҵон. Ааигәа-сигәа ашьамаҟа аиқәҵашьа здыруаз ҳгәыла Наталиа Оҭырԥҳа даалыԥхьеит. Аинтерес кны, лнапҟаҵамҭа сшахәаԥшуаз исҵеит. Уи нахыс, ауаа анлыдҵаалоз, саргьы ацхырааҩс сылгон. Ашьамаҟа ҿазҵоз, иҩны унеины иҟауҵар акәын, амаругақәеи амаҭәахәқәеи, уара уахь иааигар аԥырхага унаҭоит ҳәа иԥхьаӡан. Усҟантәи аамҭазы, аԥсхәрахьы ашьамаҟақәа назгоз рацәаҩӡан. Сара саб иԥсхәраан 50 рҟынӡа ишыҟаз сгәалашәоит. Аишәа иамкуаз абарҵаҟны ирбылуан", — ҳәа ҳзеиҭалҳәеит Зоиа Шьрыф-иԥҳа.

Хьымца Хынҭәба - Sputnik Аҧсны
Жәлар рмузыкатә ҟазара зшьа-зда иалоу арҿиаҩы: Хьымца Хынҭәба иҭоурых

Ашьамаҟа аҵаҟа иалгоу ахы ауп амца здыркуа. Уи банкак иаддырҷаблоит. Ҷыдала улаԥш ахызароуп. Иблыцыԥхьаӡа, ахы уаахароуп, убас хԥа-ԥшьба сааҭ иуҷаԥшьароуп.

Анаҩс, иаанхо ацәа зыхьшьу ацаха, иааԥыҟҟаны, ауаа ишаны ирырҭоит. Ажәытәан, алашарақәа аныҟамыз, уи амца аркны амҩа, аҩны, агәара, аказарма уҳәа арлашаразы рхы иадырхәон.

Ашьамаҟа ашьаҭа, ааигәа аӡәы иҭаххоны дҟалозар, ашьапи иареи игар ауан. Мап анакәха, ашьапы аказармаҿы икнарҳауан, ашьаҭа рбылуан.

Иахьа, аԥсхәрақәа рахь ашьамаҟақәа назго зынӡа имаҷҩуп, избанзар уи азҟазацәа,  аӡәык-ҩыџьак роуп инхаз, дара урҭгьы рықәрақәа акырза инеихьеит.

Зоиа Андарбуаԥҳа 76 шықәса дшырҭагылоугьы, ашьамаҟа аиқәҵаразы илыдҵаало мап рцәылымкыцт. Дхәыҷаахыс еибылҭахьоу шәкы иреиҳауп. Аҟаза шьыжьы инаркны хәлаанӡа аџьабаа адылбалоит. Ашьамаҟа ҟазҵо, аԥара игаӡом, ҵасым ҳәа иԥхьаӡоуп.

Зоиа Шьрыф-иԥҳа, аԥсуа ижәытә ҵас иадҳәалоу, аԥсхәра еиҿызкаауа ашьамаҟа ахыӡӡара амҩа иахьану лгәы лнархьуеит. Аха лҭаца лҟазара лымылдап ҳәа агәыӷра лымоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0