"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Логәуа "Ерцахә" агастрольқәа ирызкны
"Ҳрепертуар иалоу акәашарақәа ауаҩы иԥсы алаишьартә иҟоуп. Аҿар шықәсык ахь знык-ҩынтә анҭыҵ иумгалар, ргәы каҳауеит. Анҭыҵтәи аколлективқәеи дареи реибабара реибадырра акыр аҵанакуеит. Усҟан ансамбльқәа цалон Европа еиуеипшым ақалақьқәа рахь, иахьа ус еиԥш алшара ҳамам. Иара аҟазара ахаҭагьы аҽеиҭанакуеит, егьырҭ рҿы уи шымҩаԥысуа гәаҭатәуп. Ҳара еиқәҳархароуп ҳфольклор, аамҭа ицәырнаго аҿыцрақәеи иареи еидҳәалатәуп. Аҿар ргәы иҵхогьы ҳдыруеит, уи хшыҩзышьҭра аҳҭароуп", — иҳәеит Логәуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.