АҶА: ааԥынтәи аӡхыҵрақәа шәарҭахап ҳәа ҳаҟам

© Sputnik Погода
Погода - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликаҿ ааԥынтәи аӡхыҵрақәа шыҟалаша ҳәа ишахәаԥшуа атәы.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспубликаҿ ааԥынтәи аӡхыҵрақәа шыҟалаша ҳәа ишахәаԥшуа атәы.

Сынтәа адгьыл каршәрақәа рҿы асы млеиӡеит, аха ашьхақәа рахь имаҷымкәа асы леиит. Убри инадҳәаланы иҟалоит аӡхыҵрақәа, аха урҭ рацәак шәарҭара рыҵамлароуп", — иҳәеит Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

Ааԥынтәи аӡхыҵрақәа ианраамҭо аӡиасқәа, аиҳаракгьы ашьхатәқәа рҟны аҽыкәабара шәарҭоуп иҳәеит иара.

"Ашьха ӡқәа еснагь ашәарҭара рыҵоуп: иаӷьуп, ихьшәашәоуп", — иҳәеит иара.

Убас иҟоу аӡиасқәа ируакуп Гәымсҭа аӡиас. Иҟан аҭагылазаашьақәа иара ауаа ганкахьы ианиасуаз иҭынчны, аамҭақәак рышьҭахь шьҭахьҟа арсра алымшо ишыҟалоз, аӡы анышьҭыҵуаз.

"Абасеиԥш ҟалалоит Кәыдры аӡиас аҿгьы, аха уа аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы адамбақәа дыргылоит азы, рацәак ашәарҭара аҵам" — иҳәеит иара.

АҶА аусзуҩ иҳәеит аминистрраҿы аҭагылазаашьа хылаԥшра шарҭо, иахәҭаны иҟалар ацхыраара ишазыхиоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0